Китаи Америка ахәаахәҭратә хыдҵақәа нанагӡом ҳәа иашьоит

© AP Photo Andy Wong, FileФлаг США на фоне эмблемы Китая
Флаг США на фоне эмблемы Китая - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕАШ рашәарамзазы ирыланаҳәараны иҟоуп 25% абаџь зықәҵахо Китаитәи атауарқәа рсиа.

АҞӘА, лаҵара 30— Sputnik. ЕАШ рашәарамзазы ирыланаҳәараны иҟоуп 25% абаџь зықәҵахо Китаитәи атауарқәа рсиа. Аха арҭ ахәаахәҭратә уснагӡатәқәа Пекини Вашингтони уаанӡатәи реиқәышаҳаҭрақәа ирҿагылоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

КЖәР акоммерциа аминистрраҟны иазгәарҭоит Пекин амилаҭ ринтереси аҳәынҭқарра аинтересқәеи шахьчало. Иара убри аан иазгәарҭеит америкатәи анапхгара рҟынтәи асеиԥш аӡбрақәа урзыԥшызар шалшоз.

Уи адагьы Вашингтон рашәара 30 рзы китаитәи абизнес азы атехнологиақәа рекспорт ахылаԥшреи аинвестициақәа рыркьаҿрази ауснагӡатәқәа рсиагьы шьақәнарӷәӷәараны иҟоуп.

Атарифқәа амчра роуеит иара анрылаҳәалак ашьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0