Афельдиегертә-ԥошьҭатә еимадаразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азууп

© Fotolia / WiskiКонверты с письмами
Конверты с письмами - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абџьар змоу арратә фельдиегерцәа рзинтә статус аҟамзаара инадҳәаланы урҭ аҳазалхратәи аҳәаатәи хылаԥшра рахыжьра ауадаҩра аԥыхразы аиқәшаҳаҭра аус адулан.

АҞӘА, рашәара 5 — Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путин инапы аҵаиҩит арра-фельдиегертә еимадаразы урыстәыла-аԥснытәи аиҳабырабжьаратә еиқәышаҳаҭра аратификациа азызуа афедералтә закәан. Аиқәшаҳаҭра напы аҵаҩын 2017 шықәса ԥхынгәымзазы. Абри атәы кьыԥхьуп Аҳәынҭқарратә дума азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы.

Тренировка снайперов Южного военного округа - Sputnik Аҧсны
Аԥсни Урыстәылеи рырратә мчрақәа аицҽазыҟаҵара мҩаԥыргоит

Адокумент аилыркаагатә шәҟәаҿы иазгәаҭоуп: "Аиқәшаҳаҭра еиҿнакаауеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы игылоу урыстәылатәи архәҭақәа рахь инашьҭу арратә корреспонденциа  ахьчара, иара арратә фельдиегерцәа ианымҩаԥырго аамҭазы" ҳәа.

Аиқәышаҳаҭра аԥҟарақәа иҟарҵоит азин афельдиегерцәа аграждантә авиациа атранспорт, аихамҩатә транспорт, автомабилтә транспорт рхархәара. Имҩаԥырго акорреспонденциа  ахьчара аиҿкаарази ԥкыра рымамкәа урыстәыла-аԥснытәи аҳәаа ахыгарази ишьақәыргылоуп акорреспонденциа ахыгашьа аԥҟаррақәа.

Арратә корреспонденциа амҩангараан афельдиегерцәа азин рымоуп атабелтә бџьар рымазарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0