Аԥсны Ахада Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит

© Фото : Пресс-служба президента Рауль Хаджимба
Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба рашәара 4 рзы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит. Аилатәараҟны ирылацәажәан атәыла аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитикақәа. Абри атәы аанацҳаит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.

АҞӘА, рашәара 5 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Шьамтәылатәи Араԥ республика Ахада Башар Асади реиԥылара азырхиаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит ҳәа аанацҳаит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.

"Рашәара 4 рзы имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациаҿы аус зуа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩи Шьамтәылатәи Арабтә республика Ацҳаражәҳәаҩи реиԥылара. Аиԥылараҿы иалацәажәан Аԥсны Ахада усутә визитла Шьамтәылатәи ареспубликахь инеира", — ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи ареспубликеи рыбжьара аинырра азҵаара аус адулара инапы ианҵоуп Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.

Даур Ақаҩба атәыла Ахада изеиҭеиҳәеит инапынҵақәа шынагӡоу атәы, шьамтәылатәи аган ишазырышьҭхьоу "Аиҩызареи аусеицуреи рзы" аиқәшаҳаҭра апроект.

Рауль Хаджимба на торжественном заседании к 25-летию МИД Абхазии в Кабинете Министров 17 мая - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳаџьымба: иаарласны Шьамтәыла аиҳабыреи ҳареи ҳаиԥылап ҳәа сгәыӷуеит

Аилацәажәараҿы иара убасгьы ишьҭыхын акриминогентә ҭагылазаашьеи атәылаҿ ашәарҭадареи рызҵаара.

Атәыла Ахада, Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба игәалаиршәеит аԥхынтәи аамҭазы азинеиҿкаара иазырханы ишьақәыргыло аплан ацәхьаҵра шыҟамло атәы.

Иара убасгьы аминистр инапы ианиҵеит ААИ (ГАИ) аусура ҷыдала хылаԥшра аиҭаларц.

"Зегьы еицыжәдыруеит аԥхынтәи акурорттә сезон ҳажәлар шазыԥшу. Иарбанызаалак анегатив информациа аҭагылазаашьа шьақәнарҟьар алшоит. Ҳгәылацәа Урыстәылаа адунеи ачемпионат мҩаԥыргоит. Убригьы азыԥхьагәаҭаны ахымҩаԥгара аҭхуп", — иҳәеит иара.

Ахада иҳәеит аӡәымзара аӡәгьы азин шимам Аԥсны аҭагылазаашьа аҵшәаара, аоппозициа аԥхьагылаҩцәагьы амчра аусзуҩцәагьы ирдыруазар шакәу адиалог ада аҽа мҩакы шыҟам.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба рашәара 4 рзы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит. Аилатәараҟны ирылацәажәан атәыла аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитикақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0