Аԥыза-министр "Иаку атранспорттә дирекциа" адиректор хада дылԥылеит

© Фото : Пресс-служба кабинета министровПремьер-министр Абхазии Геннадий Гагулия встретился с генеральным директором российской "Единной транспортной дирекцией" Татьяной Самойловой
Премьер-министр Абхазии Геннадий Гагулия встретился с генеральным директором российской Единной транспортной дирекцией Татьяной Самойловой - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа "Иаку атранспорттә дирекциа" адиректор хада Татиана Самоилова дылԥылеит аҩаша, рашәара 5 рзы.

АҞӘА, рашәара 6 – Sputnik. "Иаку абилеҭ" хра аманы иҟалоит амҩаԥгаҩцәа русура асхема маншәаланы аиҿкаараҿы — иҳәеит Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа "Иаку атранспорттә дирекциа" адиректор хада Татиана Самоилова данылԥылоз. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

"Амаҵзура ахықәкы хада — атуристцәа рзы аҭагылазаашьа маншәалақәа раԥҵароуп. Аусура амеханизм аилагара урҭ ргәалаҟазаара архәашьыр алшоит. Ареспубликаҿы иаԥҵатәуп атуристтә транспорт аангыларҭақәеи аушьҭырҭатә ҭыԥ аҿы ацәаҳәа ҷыдақәеи", — ҳәа азиԥхьаӡоит Аиҳабыра рхада.

Аганқәа алацәажәеит амаҵзура "Иаку абилеҭ" ахархәара хәарҭас иамоу. Амаҵзура алагалан ииасыз ашықәс азы.

"Иаку атранспорттә система" адиректор хада иазгәалҭеит аилахәыра атуристцәа рымаҵ шамуа, иара амҩаԥгара аиҿкааҩцәа рыҳасаб ала ишықәгыло.

"Ҳара иаҳҭахын аԥснытәи амҩаԥгаҩцәа ҳадҳаԥхьаларц, ареспублика афеида аиурц. Иаҳгәиҭоуп аԥснытәи анардадкылаҩ хадеи ҳареи аилаӡара ҳабжьаҳҵарц", — лҳәеит Самоилова.

Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Рабсҭан Габлиа: аԥсшьацәа ныҟәызго амашьынақәа техникала еиқәшәазароуп

Аиԥылара иалахәыз Аԥсны атранспорт азы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Робесҭан Габлиа иҳәеит аиҿцәажәарақәа шцо апрограмма "Иаку абилеҭ" азы ҷыдала аурыс-аԥсуа ҳәааҿы ацәаҳәа аԥҵаразы.

Урыстәылантәи Аԥсныҟа "иаку абилеҭ" ала аныҟәара алшо иҟалеит. Адәыӷба ма аҳаирплан абилеҭ аазхәо имоуп алшара автомобилтә билеҭгьы рыцаахәара. "Иаку абилеҭ" ала Шәачантәи Аԥсныҟа аара алшоит 2018 шықәса, рашәара 1 инаркны.

"Иаку абилеҭ" — уи билеҭк ала адәыӷба, аҳаирплан ма автобус ала аныҟәара анулшо ауп. Асеиԥш иҟоу амаҵзурақәа рхы иадырхәоит адунеи зегьы аҟны. Апассаџьыр имоуп алшара еиҳа ихазы еиӷьны иибо амаҵзура алхра.

Адлертәи адәыӷбаангыларҭахь иааиуа апассаџьырцәа Аԥсны ақалақьқәа: Гагра, Пицунда, Аҟәа, Гәдоуҭа, Афон Ҿыц рахь иаауа автобусқәа рахь ииасыр алшоит. Атуристцәа зырманшәало ируакуп аҳәаа ахысраан аԥыжәарақәа рыҟазаара.

Автомобилтә транспорт ала иаауа ма ицо апассаџьыр азин имоуп ҩеижәихәба кьыла аидара аиагара.

Абилеҭ ахәԥса иартәоит: Шәача — Гагра – 380 мааҭ, Шәача — Пицунда – 420 мааҭ, Шәача — Гәдоуҭа – 460 мааҭ, Шәача – Афон Ҿыц – 520 мааҭ, Шәача — Аҟәа – 560 мааҭ. 5 рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рымҩангара хәыда-ԥсадоуп. "Иаку абилеҭ" ахәԥса 2018 шықәса рзы илаҟәит 40% —50% рҟынӡа.

Аԥсшьаҩы заанаҵы иааихәар ауеит Аԥсныҟа ааразы "иаку абилеҭ", уи адәыӷбала мамзаргьы аҳаирпланла Шәачанӡа даауеит, анаҩс автобус ашҟа диасны дышиашоу Аԥснынӡа даауеит.

"Иаку абилеҭ" аазымхәаз аԥсшьаҩы иара ихала ареспубликахь аара илшоит амаршруттә такси дақәтәаны, мамзаргьы автобус ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0