Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Еныкь: аибашьраан иблыз архив ахәҭа маҷк шьақәыргылахар ауеит

© SputnikЕник Дмитрий
Еник Дмитрий - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Еныкь арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит архивтә материалқәа иахьынӡауа реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа шцо.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Еныкь архив иазкны

Рашәара 9 рзы архивқәа Жәларбжьаратәи рымш азгәарҭоит.

"Аибашьраан ааха ӷәӷәа ҳаҭан. Аиаша уҳәозар, 90 процент инацны адокументқәа блын. Урҭ даҽаџьара иаҳзыԥшаауам, избанзар рыхҩылаақәа ыҟамызт. Аха иазгәаҭатәуп, асовет аамҭазы иаҳа хәы змоу ҳәа иԥхьаӡаз архиваҿы аматериалқәа афотопленкахь ишиаргоз. Убарҭ рҟынтәи хәыҷқәак ҳзаанхеит. Аха урҭ ҳрыԥхьартә алшара ҳамамызт. Зыхә дуу амаруга, иара убас аспециалистцәа адԥхьалатәын. Шықәсык аҟара ҵоит Чехиатәи аҟазацәа ацхыраара ҳарҭеижьҭеи, амаруга анаҩсгьы ҩыџьа ҳастудентцәа уи аус адулашьа ддырҵеит. Ҳгәыӷуеит ҩбаҟа шықәса рнаҩс  иҳамоу апленкақәа рҟынтәи аматериалқәа ҳауеит ҳәа", — азгәеиҭеит Еныкь.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан жьҭаара 22, 1992 шықәсазы  ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа  Аҳәынҭқарратә архив  рыблит.

Ажәабжьқәа зегьы
0