Аԥсныи Шьамтәылеи доусы рыцҳаражәҳәарҭақәа раартра азҵаара аус адырулоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМитинг, посвященный признанию Абхазии Сирийской Арабской Республикой
Митинг, посвященный признанию Абхазии Сирийской Арабской Республикой - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныи Шьамтәылеи лаҵара 29 рзы адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы аҳәамҭа ҟарҵеит.

АҞӘА, рашәара 15 — Sputnik. Аҟәеи Дамаски аусурақәа мҩаԥыргоит Ацҳаражәҳәарҭақәа раартразы, аха уи апроцесс аамҭа маҷымкәа иаҭаххоит иҳәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Апроцесс иалагахьеит, аха иара мышкала иуӡбо зҵаарам. Сара агәра згоит ус шакәугьы азҵаара шыӡбахо", — ҳәа реиҳәеит Ҳаџьымба ажурналистцәа.

Иагьазгәеиҭеит Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла Ацҳаражәҳәаҩ диԥылараны дшыҟоу.

Аҭоурыхтә хҭыс: Шьамтәыла Аԥсны азхаҵара иазкыз амитинг шымҩаԥысыз - Sputnik Аҧсны
Аҭоурыхтә хҭыс: Шьамтәыла Аԥсны азхаҵара иазкыз амитинг мҩаԥган Аҟәа

МИА "Россия сегодня" аҿы рашәара 15 рзы имҩаԥысыз апресс-конференциаҟны Рауль Ҳаџьымба иара убасгьы иҳәеит иҽшазимшәо аамҭакала атәылақәа зегьы Аԥсны азхарҵап ҳәа. Иара ихадараны иибо ҳәынҭқаррак аҳасаб ала ашьақәгылароуп.

"Шьамтәыла акраамҭа адунеитә процессқәа анырра рызҭоз ҳәынҭқарроуп. Иара имшәа-имырҳа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит, аха ҳара ҳзы ихадараны иҟоу ҳәынҭқаррак аҳасабала ашьапы ақәгылароуп. Анаҩстәи азхаҵарақәа ракәзар– урҭгьы ҟалап", — иҳәеит иара.

Азхаҵара ахҭыс аҟалара иацхрааит Аԥснытәи аделегациа, злахәыраҿы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәылиа ыҟаз 2017 шықәса нанҳәамзазы Шьамтәылатәи ареспублика раҭаара. Усҟан урҭ алахәын Дамасктәи жәларбжьаратәи аиармарка.

"Усҟан имҩаԥган адәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа реицәажәарақәа, реинырра", — иҳәеит аминистр ицхырааҩ.

Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынбеи Шьамтәыла адәныҟа економика аминистр Мухаммед Самер Халили алацәажәеит ԥхьаҟатәи реинырра.

2018 шықәса мшаԥымзазы Аԥсны атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Шьамтәыла ацхраара ишазыхиоу азы.

Еиуеиԥшым адыррақәа рыла 500 000-ҩык рҟынӡа аԥсуаа нхоит ртәыла анҭыҵ. Адиаспора ду нхоит Ҭырқәтәыла, ирацәаҩуп Шьамтәыла, Европа, Америка, Канада. Зынӡа 60 тәыла рҟны инхоит аԥсуа хылҵшьҭрақәа.

Лаҵара 28 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарреи, Шьамтәылатәи Арабтә республикеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Урыстәылатәи Афедерациаҟны реиԥылара. Аиԥылараан ацҳаражәҳәаҩцәа акоммиунике атекст еицрыдыркылеит, иахәҭаны иҟаз ашәҟәқәагьы еимырдеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0