Алан Дзагоев Урыстәылеи Египти ашьапылампыл азы реицыхәмарра дзалахәхом

© Sputnik / Антон Денисов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПолузащитник сборной Алан Дзагоев
Полузащитник сборной Алан Дзагоев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Египти ашьапылампыл азы реицыхәмарра мҩаԥысуеит Санкт-Петербург, рашәара 19 рзы.

АҞӘА, рашәара 18 — Sputnik. Ашьапылампыл азы Урыстәыла еизгоу акоманда ахьчаҩбжа Алан Дзагоев Урыстәылеи Египти ашьапылампыл азы реицыхәмарра дзалахәхом ишьапы ааха аиура иахҟьаны ҳәа аанацҳауеит Р-Спорт.

"Алан Дзагоев Санкт-Петербургтәи ахәмарра дзалахәхом. Москва даанхоит ихәышәтәреи еиҭашьақәыргылареи рзы. Нас ауп ианыӡбахо ԥхьаҟа ахәмарра илшои илымшои", — ҳәа аҳәоит ашьапылампыл азы Урыстәыла еизгоу акоманда Twitter аофициалтә аккаунт аҿы.

Урыстәылеи Египти ашьапылампыл азы реицыхәмарра мҩаԥысуеит Санкт-Петербург, рашәара 19 рзы.

Дзагоев ааха иоуит Адунеи ачемпионат-2018 раԥхьатәи ахәмараан, Урыстәылеи Саудтәи Аравиеи реиқәшәараан.

Асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵыз авидео аҿы иубоит ауаа адәыӷба аԥенџьырқәа рсаркьақәа ԥҽны ишҭыҵуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0