Азиндырыҩ: Аԥсны атәылауаҩшәҟәы аԥсахра ауадаҩрақәа ацуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПаспорт гражданина Абхазии
Паспорт гражданина Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәылауаҩшәҟә ҿыц аиура иацу ауадаҩрақәа акоррупциа ацәырҵреи адискриминациатә ҟазшьа змоу аҭагылазаашьақәа раԥҵареи ирыцхраауеит ҳәа азыиԥхьаӡоит азиндырыҩ Олег Папасқьыр.

АҞӘА, жәабран 7 – Sputnik. Атәылауаҩшәҟәы ҿыц аиура иацу ауадаҩрақәа акоррупциа ацәырҵреи адискриминациатә ҟазшьа змоу аҭагылазаашьақәа раԥҵареи ирыцхраауеит, уи акомпетенттә органқәа рҟынтәи азинтәи аполитикатәи хәшьара роуроуп ҳәа азиԥхьаӡоит радио Sputnik иаҭааз азиндырыҩ Олег Папасқьыр.

"Апаспорттә усбарҭа аусзуҩы ауаҩы уара Аԥсны уатәылауаҩым ҳәа аниеиҳәо, иара аҭакс азин имоуп убри шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы сырба ҳәа аҳәара. Сара иахьынӡаздыруа асеиԥш адокумент аҟазаара зныкгьы аҭыԥ амамызт. Сара ааԥхьара ҟасҵоит акомпетенттә органқәа абри аҭагылазаашьа иобиективу азинтә хәшьара арҭарц", — иҳәеит азиндырыҩ.

Папасқьыр иажәақәа рыла апаспорттә усбарҭақәа ауаа ирыдырҵо иалагеит 1994-1999 шықәсқәа рзы "Аԥсны "Аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы" акт рыдыркылаанӡа Аԥсны ишынхоз шьақәзырӷәӷәо адокументқәа цәырыргарц.

"Асеиԥш аҭагылазаашьа ҟалеит инеишьҭаргыланы атәылауаҩразы азакәанқәа ҩба рыдкылара инадҳәаланы. Актәи, Аԥсны ауааԥсыра зегьы рзы иҟаҵан, аҩбатәи – аамҭахҵәахак азы ареспубликаҿы анхара акритери аланагалон. Аҩбатәи азакәан адкылара азиндырраҿы "азакәан уашьҭахьтәи амч" ҳәа азырҳәоит, аха уи ара ахархәара ҟалом", — ҳәа азиԥхьаӡоит Папасқьыр.

Асеиԥштәи апрактика ԥхьаҟазы ицәырнагар алшоит асоциалтәи ауаажәларратәи хҟьа-ԥҟьақәа. Азиндырыҩ игәаанагарала атәылауаҩшәҟәы ҿыц аиура иацу ауадаҩрақәа акоррупциа ацәырҵреи адискриминациатә ҟазшьа змоу аҭагылазаашьақәа раԥҵареи ирыцхраауеит.

Иҿыцу атәылауаҩшәҟәқәа. - Sputnik Аҧсны
Аӡынба: апаспорт ҿыцқәа аус рыдулара хыркәшахоит

Олег Папасқьыр ишиҳәо ала Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҟны ирыдкыло аофициалтә инструкциаҿы атәылауаҩшәҟәы аиуразы ихымԥадатәины иҟоу адокументқәа реиқәыԥхьаӡаҿы иарбоуп агәаҭара цҵа иахысраны изыхәҭо ахаҿқәа Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Ашәарҭадаратә маҵзура, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Апрокуратура ишьақәдыргылароуп ҳәа.

Аԥсны атәылауаҩшәҟәы ҿыц аӡыргара мҩаԥысит Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы 2015 шықәса, хәажәкырамзазы. Иара убри ашықәс азы ареспубликахь иааган 60 000 тәылауаҩшәҟәы. 2017 шықәса хәажәкырамзазы атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара аҩбатәи аетап хацыркын.

2017 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр алаҳәара ҟаиҵеит арҭ атәылауаҩшәҟәқәа рыла аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра ҟалоит ҳәа 2018 шықәса инаркны.

Атәылауаҩшәҟәы кьыԥхьуп урыстәылатәи афабрика "Гознак" аҿы, ҳаамҭа иақәшәо атехнологиақәа рыла ахьчара ҳаракы аманы иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0