Ченгьелиаԥҳа: ашколтә шәҵатәы хымԥадатәиуп
"Ашколтә шәҵатәы ныҟәыргон ашколқәа реиҳарак рҟны. Аха уи аныҟәгара хымԥадатәиуп ҳәа адҵа ыҟамызт. Уажәы аҵарашықәс ҿыц ианалаго инаркны зегьы иныҟәыргалароуп, уи азы аминистр идҵа ыҟоуп. Уи хықәкыс иамоуп алеишәа аиӷьтәрагьы, амаҭәа акультурагьы днарҵоит, ауаҩы деиҿнакаауеит. Ашкол аҟны ашколтә шәҵатәы хымԥадатәиуп ҳәа ҳаԥхьаӡоит. Уи зегьы еиԥшу акы мацара ныҟәырго ҳәа акәым, арратә шәҵатәы акәӡам ари. Иҟоуп еиуеиԥшым амодельқәа, иалырхуеит иршәырҵаша. Егьыс ахәыҷы иеилаҳәаразы иааухәо амаҭәа аасҭа ашколтә шәҵатәы иаҳа ахә духоит ҳәа ҳазҳәом", — лҳәеит Ченгьелиаԥҳа.