Аҵара аминистрра ашколқәа рҿы иаку аформа аланагалоит

© Sputnik Константин ГрецовУченики 1-го класса в средней школе №3 в Сухуме
Ученики 1-го класса в средней школе №3 в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр иаку ашколтә формазы иусԥҟа азинмчра аиуеит иааиуа аҵара шықәс инаркны.

АҞӘА, рашәара 19– Sputnik. Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба рашәара 19? 2018 шықәса рзы инапы аҵfиҩит Аусԥҟа ареспублика азеиԥшҵаратә усҳәарҭақәа рҟны 1-11-тәи аклассқәа рҵаҩцәа рзы иаку ашколтә форма алагалахарц азы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра аофициалтә саит.

Новые учебники - Sputnik Аҧсны
Какоба: Москва иҭыжьу арҵагашәҟәқәа реиҭаҭыжьра ҳҭахуп

Аминистр иусԥҟа азинмчраа иуеит 2018-2019шш. рзтәи аҵара шықәс ианалаго инаркны. Аԥсны аҵаҩцәа рзы иаку ашколтә форма алагалара хықәкны иамоуп адисциплина арӷәӷәареи, амаҭәа аныҟәгара акультура алааӡареи, ахәыҷқәа рцәамаҭәа аиԥшымзаара аҽацәыхьчареи рзы ҳәа аҳәоит адокумент.

Иара убасгьы Адгәыр Какоба ашколқәа рнапхгаҩцәа рнапы ианиҵеит аҭаацәеи аҭаацәаратә еилакқәа рлахәылацәеи иаку ашколтә форма залагало азы аилыркааратә еиҿцәажәарақәа мҩаԥыргарц.

Аусԥҟа анагӡара ахылаԥшра аҭара лнапы ианҵоуп аминистр ихаҭыԥуаҩ Медеиа Ченгелиаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0