Амшын иашьыз рҭахашьа атәы далацәажәеит АҶА аусзуҩ

© Sputnik / Томас ТхайцукМЧС Абхазии
МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, рашәара 20, асааҭ 15:45 рзы Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рахь иҟаҵан адырра ҩыџьа ақалақь ауааԥсыра ыӡит ҳәа. Урҭ рыԥсыбаҩқәа ԥшаан аԥшьаша ашьыжь.

АҞӘА, рашәара 21 – Sputnik. Рашәара 20 рзы амшын аҟны иӡааҟәрылеит ҩыџьа астудентцәа. Абри аҭыԥ аҿы изныкымкәа амашәырқәа ҟалахьеит иҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны АҶА зхышәа-ҵышәа кьаҿу аӷбақәа Рҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.

Погода - Sputnik Аҧсны
АҶА аӡхәыҵалаҩцәа иӡааҟәрылаз рыԥсыбаҩқәа рыԥшааит

Ҭенгиз Сабуа еиҭеиҳәеит адырра шроуҵәҟьаз АҶА аусзуҩцәа аҭыԥ ахь инеины аԥшаарақәа нап шрыларкыз.

Ҭенгиз Сабуа иҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

"Аԥшаарақәа мҩаԥысуан ԥшь-сааҭк инарзынаԥшуа. Уахынланы аԥшаарақәа лыҵшәа шыҟарымҵоз дырны шьыжьнаҵы аԥшаарақәа хацҳаркып ҳәа адҵа ҟасҵеит. Шьыжьла амшын ҭынчуп, ицқьоуп", — иҳәеит иара.

Аԥшаарақәа хацзыркыз АҶА аӡхәыҵалаҩцәа аԥшьаша, рашәара 21, ашьыжь ирыԥшааит аԥсыбаҩқәа.

"Аҷкәынцәа ҭахеит. Кьылашәыр амшын иахьалало аҭыԥ аҿы АҶА аӡхәыҵалаҩцәа ирыԥшааит", — ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Иҭахаз ԥшаан амшын аҟәара 30 метра инацәхыкны.

"Абри аҭыԥ аҿы Кьылашәыр амшын иалалоит, аӡеилахәара ӷәӷәоуп", — иҳәеит иара.

Ҭенгиз Сабуа иажәақәа рыла аԥхынтәи асезон азы АҶА амшын аҟны ашәарҭадара иазку аилыркаагақәа рзеихыршоит ареспублика араионқәа зегьы.

Черное море - Sputnik Аҧсны
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аиқәырхаҩцәа иӡааҟәрылаз рыԥшаара иашьҭоуп

Иара ишиҳәаз ала аҷкәынцәа ахьҭахаз аҭыԥ аҿы аиқәырхаҩцәа ыҟамызт.

"Ҳара ақалақь Ахадарахь адырра ҟаҳҵеит абри аҭыԥ аҿы аҽыкәабара азин ҟарымҵарц азы", — иҳәеит иара.

Сабуа ишиҳәаз ала ақалақь Ахадараҿ иалацәажәараны иҟоуп абри аҭыԥ аҿы адырга ҷыда ақәыргылара азҵаара.

Аиқәырхаҩ ареспублика ауааԥсыра адырра риҭоит аӡиасқәа амшын иахьалало аҭыԥқәа рҟны аҽыкәабара шыҟамло азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0