"Роснефть" ахада Игорь Сечин абылтәы ахәԥса изацлаз далацәажәоит

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМужчина на автозаправочной станции.
Мужчина на автозаправочной станции. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала рашәара 8 рзы абылтәы "Регуляр" 92 ахәԥса иартәоит 41 мааҭ, "Премиум" 95 — 43 мааҭ, адизельтә былтәы – 41 мааҭ. Абылтәы-хьшьтәы материалқәа рыхәԥса Аԥсны аџьармыкьаҿ изацлаз ҳәа аиҳабыра рҿы ирҳәо урҭ раахәаԥса ахьыҳаракхаз ауп.

АҞӘА, рашәара 21– Sputnik. "Роснефть" ахада Игорь Сечин абылтәы ахәԥса ашьҭыҵра амзызқәа хԥа ыҟоуп иҳәеит ҳәа иалацәажәоит РИА Новости.

Актәи амзыз ҳәа ахьӡ иҳәеит амааҭ акаҳара.

Рост цен на бензин в России - Sputnik Аҧсны
Абылтәы ахәԥса аҳаракра амаршруттә таксиқәа ртарифқәагьы анырра рнаҭоит

"Уаанӡа долларк 30 мааҭ иаԥсазҭгьы, уажәы – 64 мааҭ иаԥсоуп. Аилахәыра ари аҭагылазаашьа азыԥсахуам. Ари афактор иахьазы иҟоуп", — иҳәеит иара аилахәыра акционерцәа ашықәстәи рзеиԥшеизараҿ.

Аҩбатәи афактор ҳәа далацәажәеит анефҭ адунеи аҿы ахәԥса ашьҭыҵра. 2017 шықәса анҵәамҭаахыс анефҭ ахә 25% рҟынӡа ишьҭыҵит. Урыстәылатәи аилахәырақәа рнефҭ аекспорт ахь ишырышьҭуеиԥш атәыла аҩныҵҟагь ахархәара арҭоит.

"Атранспорт, аенергетика уҳәа рныхрақәа шеизҳаз уанахәаԥшлак иумбарц залшом анефҭ аусеиҭадулара ахәԥсагьы ишазҳауа", — ҳәа азгәеиҭоит Сечин.

Ахԥатәи амзыз — атәыла аҩныҵҟа анефҭ аус еиҭадулара уахьзаднамԥхьало.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы иаалырҟьаны Урыстәыла аҩныҵҟа абылтәы ахәԥса халеит. Иартәоит: 41, 42, 43 мааҭ литрак азы.

Рашәарамза алагамҭаз Урыстәыла Афинансқәа рминистрра Аминистрцәа реилазаара ианаҭеит азин абылтәы, адизель былтәы, агаз рекспорттә баџь 90% рҟынӡа анефҭ абаџьқәа рҟынтәи иҳаранакырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0