Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сабуа: Аԥсны имаҷым ашәарҭара зцу, амшын уҭалар ахьыҟамло аҭыԥқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукТенгиз Сабуа
Тенгиз Сабуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра зшәагаа маҷу амшын ӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит амшын иагаз ҩыџьа арԥарцәа рыԥшааразы аусура шцоз.
"Атәылауаҩи аиҳабыреи": Сабуа амшынаҿ иҟалаз аԥсыҭбара иазкны

"Иҭахаз ҩыџьа аҷкәынцәа амшын аԥшаҳәа аҟынтә 30 метра, аӡы аҵаулара 6 метрак аҿы ирыԥшааит. Аӡиас амшын иахьалало аҭыԥаҿ, аӡы еилагежьуеит, иаразнак аӡы аҵаҟа уагоит.  Аԥсны имаҷым ус еиԥш  ашәарҭара зцу аҭыԥқәа, ахәыҷқәагьы лассы-лассы уаҟа аҽыкәабара бзиа ирбоит, уи шыҟамло шырдыруагьы", — ҳәа азгәеиҭеит Сабуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжь инарҭбаан шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0