Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иуникалу адокументқәа цәырнагеит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМинистерство обороны России
Министерство обороны России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра асаит аҭааҩцәа ирымоуп алшара Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа раԥхьатәи амшқәа ртәы зҳәо архивтә документқәа рбаразы.

АҞӘА, рашәара 22 – Sputnik. Агәалашәара амш аҽны, рашәара 22 рзы, Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аофициалтә саит аҟны раԥхьаӡа акәны ицәыргоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа раԥхьатәи амшқәа ртәы зҳәо иуникалу аинформациатә електронтә ресурс. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аофициалтә саит.

"Урыстәыла атәылахьчара аминистрра асаит аҭааҩцәа ирымоуп алшара Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа раԥхьатәи амшқәа ртәы зҳәо архивтә документқәа рбарц. Араҟа иӡыргоуп СССР НКО адирективақәа, аԥхьатәи аидысларақәа ирылахәыз архәҭақәа ркомандирцәа рыдҵақәа, атәыла анапхгара рахь аруаа рфырхаҵара атәы зҳәо адыррашәҟәқәа", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Атәылахьчара асаит аҿы икьыԥхьуп раԥхьаӡаа кәны ирзоу СССР атәылахьчара жәлар ркомиссар идеректива №1, 1941 шықәса рашәара 22 рзы Жукови Тимошенкои рнапы зҵарҩыз.

"Иара убасгьы аҵак ду аманы иҟоуп 1941 шықәса рашәара 22 рзы анапы зҵаҩыз, СССР атәылахьчара жәлар ркомиссар Идҵа №2. Адокумент еиқәиршәеит, аибашьра ианалага инаркны х-сааҭк ааҵуаны, рашәара 22 ашьыжь асааҭ 7:15 рзы Г. Жуков. Иазгәаҭатәуп адҵа Асовет аруаа ишрыднаҵо ирымоу амчқәа зегьы еидкыланы аӷа аҳәаа дахьахысыз аҭыԥқәа дрыхмыжькәа дыршьаҽырц, авиациа ракәзар 100-150 километра германиа иагәылахалан иҟоу аӷа иерадромқәа рҿы изыҵымԥраауа иҭадырхарц. Иара убри аан Финлиандиеи Румыниеи ҷыдалатәи адҵа аиура аҟынӡа уи адҵа иаҵаркымызт", — ҳәа ануп асаит аҿы.

Иара убасгьы иӡыргоуп атрофеитә хсалаа "План Барбаросса". Уи аҿы иарбоуп авермахт ар ирыгәҭаку ажәыларатә хырхарҭақәа. Зыплан ыҟаз аблицкриг акәзар, асовет ар рфырхаҵара изазымиааиит.

Иаарԥшу адокументқәа иудырдыруеит алеитенант аиҳабы Борисов икомандаҟаҵарала абатареиа аӷа итанкқәа 6 шҭархаз.

Асовет аруааи урҭ ркомандирцәеи аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы иаадырԥшыз афырхаҵара атәы рҳәоит асаит аҿы ицәырго адокументқәа жәпакы.

Апроект Возвращение имени аӡыргара мҩаԥысит. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны 8 нызқьҩык Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аҟны хабарда ибжьаӡит

"Рашәара 22 рзы аруаҩ Балакарь дҟарулын. Аӷа данҳақәла иара дымшәакәа-дмырҳакәа адот аҟны апулимиот нҭаргыланы уахыки-ҽнаки рыбжьара аӷа дишьахуан, аӡиас Сан дырыртә еиԥш аҭагылазаашьа ииҭомызт" ҳәа.

Икьыԥхьу адокументқәа иргәылоуп зҽалызкааз жәаҩыла аруааи урҭ ркомандирцәеи рсиақәа.

Атәылахьчара аминистрра аинформациеи амассатә коммуникациеи Рдепартаменти Атәылахьчара Ацентртә архиви аусура ду еицымҩаԥыргеит уаанӡа акьыԥхь зымбацыз адокументқәа раарԥшреи урҭ рцифраркреи рзы.

1941 шықәса, рашәара 22 ашьыжь ашамҭаз афашист Германиа Асовет Еидгыла иақәлеит. Авиациа, 250-300 километра СССР аҳәаа иаԥныз аеродромқәа, аихамҩатә станциақәа, арра-мшынтә базақәа уҳәа абомбақәа рыларыжьуан.

Абри аамҭазы германиа анапахьы иаанагахьан европатәи атәылақәа жәпакы.

СССР иаҿагыланы иқәгылеит иара убасгьы Румыниа, Италиа, Словакиа, Финлиандиа, Венгриа, Норвегиа.

1418 уахи-ҽни ицоз ашьаарҵәыратә еибашьра хыркәшахеит 1945 шықәса лаҵарамза 9 рзы асовет ар риааирала.

Ажәабжьқәа зегьы
0