Атәыла Ахада аилацәажәара мҩаԥигеит

© Фото : presidentofabkhaziaПрезидент Республики Абхазия Рауль Хаджимба провел совещание с главами городов и районов
Президент Республики Абхазия Рауль Хаджимба провел совещание с главами городов и районов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәарамза 28 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит.

АҞӘА, рашәара 29– Sputnik. Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа рнапы ианиҵеит ҧхынгәымза 10-нӡа Ахада Иусбарҭеи Акультура аминистрреи рахь Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәларбжьаратәи азхаҵареи Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 25 шықәса ахыҵреи ирызку аусмҩаҧгатәқәа разҧхьагәаҭа наргарц ҳәа аалыцҳаит атәыла Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Наала Аҩӡыԥҳа.

Репетиция парада Победы - Sputnik Аҧсны
Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа аҽны имҩаԥырго апарад арепетициа хыркәшоуп

Аилацәажәараан ирзааҭгылан Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы иааиҧмырҟьаӡакәа инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа аҧгаҧса рыҭара аиҿкаара аусхк аҟны Урыстәылатәи Афедерациа амедицинатә еиҿкаарақәа рҿы амедицинатә цхыраара аиуразы Аҧсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрала амедицинатә ҧгаҧса аполисқәа рыҭара азҵаара.

Ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа ирыдҵоуп ауааҧсыра рыҩныҵҟа Ихымҧадатәиу амедицинатә ҧгаҧса аполисқәа рыҭаразы аилыркааратә усура арҕәҕәареи иаҭаху ацхыраара рзыҟаҵареи.

Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакиа аилацәажәара иалахәыз адырра риҭеит мызки бжаки ирылагӡаны ахәаҧшразы ирыдыркылази ирыҭази аполисқәа рхыҧхьаӡара 21 500 рҟынӡа шыҟоу. Уи иара убас иргәалаиршәеит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Ихымҧадатәиу амедицинатә ҧгаҧса рыҭаразы араионтә пунктқәа 2018 шықәса цәыббрамзанӡа аус шыруло.

Ирылацәажәан Урыстәылатәи Афедерациа Атәанчаратә фонд аҟәшеиҵақәа Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны ацхыраара рыҭара азҵаара. Ахада ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа адҵа риҭеит зыҧсҭазаара иалҵхьоу атәанчаҩцәа изакәанымкәа ртәанчахәқәа рзоужьра аҧырҟәҟәааразы иааиҧмырҟьаӡакәа агәаҭарақәа рымҩаҧгаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0