Ермолаи Аџьынџьал 85 шықәса ихыҵра азгәарҭеит Аҧсуаҭҵааратә институт аҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукЕрмолай Аджинджал
Ермолай Аджинджал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхҭҵаҩы, апатриот, "Ахьӡ–Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Ермолаи Аџьынџьал 85 шықәса ихыҵра азгәарҭеит Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аҿы.

Cусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аҵарауаҩ иира амш иадҳәалаз аҭҵаарадырратә – практикатә конференциа мҩаҧысит аинститут аконферец – зал аҿы. Уахь имҩахыҵит аҵарауаа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аспирантцәа. Аконференциа ааиртит Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба.

"Ҳҳәынҭқарраҿы аџьа збахьоу рыхәҭаҿы дыҟоуп Ермолаи Кьасыгә – иҧа, аха ахӡыргара иашьҭам уаҩуп", – азгәаиҭеит иара.

Дагьаҧхьеит аамҭала Москва ақалақь иҟоу апоет Мушьни Лашәриа идныҳәаларатә шәҟәы.

"Аҵарауаҩ нага, апатриот, ауаажәларратә усзуҩ, ҳауаажәлар ирдыруеит ухшыҩҵарра, уазнеишьа, улагала. Устатиақәа, уеизгақәа, уқәгыларақәа акы иалаҩашьоумызт", – азгәаҭоуп адныҳәалараҿы. Адныҳәаларатә шәҟәы аамшьҭахь Ашәба А. Е. инапала аиубелиар ҳамҭас ииҭеит Д. Гәлиа исахьа зну аҧсар.

Иара убасгьы ажәахәқәа ирыҧхьеит: Аҩӡба А. Ф., Гыцба Т. Ш., Занҭариа В. К., Џьапуа З. Џь., Гәынба Г. Џь., Габуниа Т. М., Архимандрит Дорофеи (Дбар), уҳәа.

Апоет, Аҧсны Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа аҭоурыхҭҵааҩы идҳәалаз игәалашәарақәак еиҭеиҳәеит, иҳәеит:

"Ермолаи Аџьынџьал ииҩыз истатиақәа абырҵкал икылхны ишыҟаҵо. Ибрашиурақәа рҿыгҳара маҷзаргь, ахьы ишаҧсо".

Аҵарауаҩ иусумҭақәа зегь згәылалаша аизга аҭыжьра ахәҭоуп ҳәа азиҧхьаӡеит. 

"Ермолаи Кьасыгә – иԥа Аџьынџьал Егры инаркны Ҧсоунӡа ҧшқакы идамзар, дыззымдыруа, ма иӡбахә змаҳац, аҧсыуак дыҟам ҳәа сҳәар, агха сыхьуам ҳәа азысыҧхьаӡоит. Иара Аҧсны иадыргоу хаҿсахьоуп, избан уҳәар, иара ианакәзаалак ҩ – мцакы дрыбжьагылан, ижәлар рхьаа ихьаан. Ганкахьала, ауаажәларратә – политикатә қәҧара, даҽа ганкахьала ижәлар ркультура аҭҵаара. Ламысла, хьыӡла – ҧшала иахьанӡа дааит". Иажәахә хыркәшауа Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апризидиум ишышьақәнарӷәӷәаз ала Ермолаи Кьасыгә – иԥа ихҵоуп "Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа адоқтор" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы" – иҳәеит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аиҳабы Зураб Џьапуа.

АБИГИ - Sputnik Аҧсны
Виачеслав Бганбеи Емма Кьылҧҳаи ргәаларшәара аҳаҭыраз аконференциа мҩаԥган

Иналукааша аҧсуа ҵарауаҩ нага, аҧсуа жәлар рхақәиҭратә қәҧара азааҧсаҩ Ермолаи Кьасыгә – иԥа Аџьынџьал диит 1933 шықәса рашәарамза 28 рҽны Очамчыра араион Ҧақәашь ақыҭан. Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы аус иуан Тҟәарчал ақалақь "Апионерцәеи ашколхәыҷқәеи рыҩнаҿы", рацәаҵхҩыс ашахтаҿы, Очамчыратәи араионтә газеҭ аҳы литература усзуҩыс, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә музеи еиуеиҧшым ахәшақәа дреиҳабхахьан, 1995 шықәса раахыс Аҧсуаҭҵааратә институт аҭтоурых аҟәша аусзуҩс дыҟоуп.

Ермолаи Аџьынџьал дравторуп "Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә музеи", "Аҧсны Аҳәынҭқарра ашьақәгыла аҭоурых аҟнытә", "Аҧсны ақьырсианра ашьақәгыла аҭоурых аҟнытә", уҳәа реиҧш иҟоу аусумҭақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0