Виачеслав Бганбеи Емма Кьылҧҳаи ргәаларшәара аҳаҭыраз аконференциа мҩаԥган

© Sputnik АБИГИ
АБИГИ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵарауаа Виачеслав Бганбеи Емма Кьылҧҳаи сынтәа 65 шықәса рхыҵра азгәарҭеит Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аҿы.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аҧсуа бызшәадырраҿы аҭҵаамҭақәа маҷымкәа иҟазҵаз Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт абызшәа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ нага Виачеслав Мелтон-иҧа Бганбеи афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Университет адоцент, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт адиалектологиатә лабораториа аиҳабы Емма Қьаамын-иҧҳа Кьыл ҧҳаи

Лили Хагба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳагԥҳа аҵарауаҩ Виачеслав Бганба изкны: илаԥш, иажәа, ихшыҩ ҳагыуп

иижьҭеи сынтәа 65 шықәса аҵра иазку аҭҵаарадырра-практикатә конференциа мҩаҧысит Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аконферец-зал аҿы.

Аконференциа ааиртит Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба. Анаҩс ажәахәқәа ирыҧхьеит: Ҳагба Л. Р., Аҩӡба А. Ф., Шьынқәба А. Шь., Басариа – Анқәаб И. Б., Ажьиба А. Ш., Ахсалба А. А. Урҭ иазгәарҭеит аҧсуа жәлар ишрыҧхаз зыҩаӡара ҳаракыз аҵарауаа Бганба Виачеслави уи иҧшәма Кьылҧҳа Еммеи.

Еицырдыруаз абызшәадырыҩ Бганба Виачеслав Мелтон-иҧа диит 1953 шықәсазы Очамчыра араион Баслахә ақыҭан. Дравторуп аҭҵаарадырратә усумҭақәа 20 инареиҳаны. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра актәи амшқәа инадыркны ижәлар дрылагыланы иҧсадгьыл ахақәиҭразы дықәҧон, Аҟәа "Ацҳа ҟаҧшь" аҿы аӷа иҿагылаз дшеибашьуаз днаӡеит Егрынӡа.

Владимир Агрба - Sputnik Аҧсны
Аҵарауаҩ Агрба: Емма Кьылԥҳа абызшәаҭҵаара илыҧсҭазааран

Изныкымкәа ахәрақәа иоухьан, 1992 шықәсазы дрытҟәеит, аха ихы дақәиҭтәын еиҭныҧсахларала. Аҧсны Афырхаҵа ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп. Иҧсҭазаара далҵит 2005 шықәсазы. 

Абызшәадырҩ, адиалектолог Емма Қьаамын-иҧҳа Кьылҧҳа диит 1953 шықәсазы Ҟәланырхәа ақыҭан. Ллагала даара ирацәоуп аҧсуа бызшәа адиалектқәа рыҭҵаараҿы. 1985 шықәса раахыс Аҧсны Аҳәынҭқарратә Университет аҿы астудентцәа алекциақәа дырзаҧхьон. 1996 шықәса инаркны Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аҿы еиҿкааз адиалектологиатә лабораториа аиҳабыс дҟалеит.

"Апатриот иаша, аҵарауаҩ, абызшәадырыҩ, ааӡаҩ, арҿиаҩы", — абас оуп ишлыхцәажәоз аус лыцызуаз лколлегацәа. Аҵаҩцәа ирылалааӡоз ахшыҩҵакқәа иреиуан:

Бызшәада – аҧсҭазаара зыҟалом.

Уразҟы зшо узлоу ауаа роуп.

Аӡыхь бзиеи ажәа ҟәандеи гәырҧсаҳәагоуп.

Акандидаттә диссертациа лыхьчахьан "Баҭымтәи аҧсуаа рцәажәара аҷыдарақәа" атема ала. Лыдунеи лыҧсахит 2017 шықәсазы.

Виачеслав Бганбеи Емма Кьылҧҳаи рыжәлари рыҧсадгьыли рзы ихьӡырҳәаган иаанхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0