Песков: Путини Трампи Хьельсинки тет-а-тет еиқәшәар алшоит

© AP Photo/Evan VucciВладимир Путин и Дональд Трамп, архивное фото
Владимир Путин и Дональд Трамп, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Америкатәи амассатә-информациатә хархәагақәа рдыррақәа рыла Трамп иҭахуп Финлиандиа путини иареи реиқәшәара еиҿкаахарц, убри аан ацхырааҩцәеи ажурналистцәеи алахәымкәаны.

АҞӘА, ԥхынгәы 3 — Sputnik. Урыстәыла Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков Путини Трампи Хьельсинки тет-а-тет еиқәшәар алшоит ҳәа далацәажәоит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Заанаҵтәи аиқәышаҳаҭра аҭыԥ аиур, Хельсинки имҩаԥысыр алшоит Трампи Путини реиԥылара. Убри аан ажунралистцәа уахь инаԥхьахом. Дара рхала еицәажәоит", — иҳәеита журналистцәа аинтервиу рыҭо Песков.

Песков ирҭаз азҵаара "Кремль азы асеиԥш аформат абанӡаманшәало?" аҭак ҟаҵо инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла Ахада изы дызԥыло ауаа рзы иманшәалоу иара изгьы иманшәалоуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0