SputnikFanZone ақалақьуаа Аҟәа амш рыдырныҳәалеит

© Sputnik / Илона ХварцкияSputnikFanZone
SputnikFanZone - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Guarap Hall аҟны еиҿкаау SputnikFanZone аиҳабы Алхас Манаргиа еизаз ирыдиныҳәалеит Ақалақь Амш.

Бадри Есиава, Sputnik

 Guarap Hall аҟны еиҿкаау SputnikFanZone аиҳабы Алхас Манаргиа еизаз ирыдиныҳәалеит Ақалақь Амш.

 Фан-зонахь инаԥхьаз ашьапылампыл аексперт Инал Ҳашыг игәалаиршәеит асовет аамҭақәа рзы аԥснытәи ашьапылампыласыҩцәа рыхьӡ шеицырдыруаз.

 "Ибзианы исгәалашәоит усҟантәи аамҭақәа рзы 30 — 40 рҟынӡа хәыҷтәы зыҟаҵаҩ шыҟаз. СССР еизгоу акоманда аԥснытәи ашьапылампыл ааӡаҩ даламкәа иҟаломызт. Убас Григори Федотов иклуб аҿы иреиӷьыз жәаҩык рҟынтәи хҩык Аԥснытәқәан", — ҳәа еиҭеиҳәоит Ҳашыг.

© Sputnik / Илона ХварцкияSputnikFanZone
SputnikFanZone - Sputnik Аҧсны
SputnikFanZone

 Иахьеиԥш акәымкәа аҿар раамҭа аиҳарак адәахьы ирхыргон иҳәоит иара.

 Жәохә шықәса зхыҵуа Баҭал Тлиабичев иҳәоит ашьапылампыл асра бзиа ишибо.

 Очамчыратәи арԥыс Леон Воуба фан-зонахь дааиԥхьеит иашьа. Иара иҳәеит аҭагылазаашьа шигәаԥхоу, иҩызцәеи иареи аамҭа шаароулак астадион ахь ишнеиуа.

 "Ҳара ҳҟны ирацәаҩуп ашьапылампыл бзиа избо, иасуа. Хаҭала сара профессионалтә хәмарҩызар даара исҭахын", — иҳәоит иара.

 Аҟәатәи Ашот Миносиан иазиԥхьаӡоит ареспубликаҿы ашьапылампыл аҿиара амоуп ҳәа.

 Иара убри аамҭазы иара иҳәоит ашьапылампыласырҭа адәқәа азхом ҳәа.

 SputnikFanZone – жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсни "Guarap Hall" еицырзеиԥшу проектуп. SputnikFanZone аус ауеит рашәара 14 ԥхынгәы 15 рҟынӡа.

© Sputnik / Илона ХварцкияSputnikFanZone
SputnikFanZone - Sputnik Аҧсны
SputnikFanZone
Ажәабжьқәа зегьы
0