АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи аҽыҩ Фаст-Керл (Ахра Ашәба) аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит "Большой Краснодарский приз Дерби" захьӡу аҽырыҩратә еиндаҭлараҿы ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аԥсны аҽықәтәаратә спорт Афедерациа ахада Аслан Камлиа.
"Зыхьӡ ҳараку аҽырыҩра "Большой Краснодарский приз Дерби" мҩаԥысит ԥхынгәы 14 рзы, Краснодар. Ахра Ашәба иҽыҩ Фаст-Керл абри аҽырыҩраҿы ианашьахеит Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистрра аԥхьахә. Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит. Актәи аҭыԥ агеит Васили Толстопиатов иҽыҩ Конард-Лорд", — иҳәеит Камлиа.
Аҽырыҩрақәа ирыхәаԥшырц, иара убасгьы аԥснытәи аҽыҩҷкәынцәа адгылара рырҭарц Краснодарҟа инеиит 150-ҩык рҟынӡа аԥснаа ҳәа азгәеиҭеит Камлиа.
Иара убасгьы еиҭеиҳәеит нанҳәа 4 рзы имҩаԥысраны ишыҟоу Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Ихраҿазы аиндаҭларақәа. Урҭ ирылахәхоит 4-5 аԥснытәи аҽыҩқәа.
Иара убасгьы уахь инеиуеит зҟазара ҳараку ашәаҳәареи акәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль.
"Уи адагьы уажәы аиҿцәажәарақәа цоит аԥсуа милаҭ ҽырхәмаррақәа– аҽымҵәышә, аимҵакьача, аҵәыршәра уҳәа иара уа идҳарбаразы", — ҳәа еиҭеиҳәоит Аслан Камлиа.