Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сабуа: аԥҟара ауаҩы иԥсҭазаара шеиқәнархо еиликауаазароуп

© Sputnik / Илона ХварцкияТенгиз Сабуа
Тенгиз Сабуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра зшәага маҷу амшын ӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит аӡҭалара иацу аԥҟарақәа ртәы.
"Атәылауаҩи аиҳабыреи": Сабуа аӡаҿы ишьақәыргылоу аԥҟаррақәа ирызкны

"Аӡиас амшын иахьалало шәметрак арымареи арыӷьареи ахь аҽыкәабара азин ыҟам. Ашьха аҟнытә иаауа аӡиас дара ихьшәашәоуп, ашоура аамҭазы уанҭало угәы иаҳа ирлас аусура иалагоит, насгьы имбаӡакәа аӡырҵәыҩ ахь днанагоит, анаҩс дахәланагалоит. Аӡырҵәыҩ алҵра даара ицәгьоуп, ирацәаҩны ус еиԥш амшын иагахьеит. Амшын аҭалара ҟалаӡом уахынлагьы, ус еиԥш аԥҟарра атәы зҳәоу ақьаад шьақәыргылоуп, иаарласны иҭыҵроуп. Аӡиасқәеи амшыны рҭалара ҟалом арыжәтә жьбара ыжәны. Арҭ зегьы зҳәо аҩырақәа шьақәыргылазароуп амшын аҟәараҿы. Уи азы аҭакԥхықәра рыдуп, аҽыкәабарҭатә ҭыԥқәа реиҳабацәеи, ақалақь ахадареи" – ҳәа азгәеиҭеит Сабуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0