https://sputnik-abkhazia.info/20180724/abirak-amsh-asguarton-tirktilei-karachi-cherkeski-1024544923.html
Абираҟ Амш азгәарҭон Ҭырқәтәылеи Ҟарачы-Черқьески
Абираҟ Амш азгәарҭон Ҭырқәтәылеи Ҟарачы-Черқьески
Sputnik Аҧсны
Ԥхынгәы 23 Аԥсны иазгәарҭоит Абираҟ Амш. Адунеи зегьы аҟны инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа иара убасгьы акультура-массатә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит абри амш... 24.07.2018, Sputnik Аҧсны
2018-07-24T12:21+0300
2018-07-24T12:21+0300
2018-07-24T12:21+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102454/04/1024540490_0:118:1280:841_1920x0_80_0_0_cad8b7671f093c67d8b754ea0dd136a7.jpg
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2018
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102454/04/1024540490_0:77:1280:882_1920x0_80_0_0_89c17391115c78da8ecb9d1b7e986d37.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
акультура, ажәабжьқәа, аԥсны
акультура, ажәабжьқәа, аԥсны
Абираҟ Амш азгәарҭон Ҭырқәтәылеи Ҟарачы-Черқьески
Ԥхынгәы 23 Аԥсны иазгәарҭоит Абираҟ Амш. Адунеи зегьы аҟны инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа иара убасгьы акультура-массатә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит абри амш аҽны, аныҳәа иаҭаауа асасцәа аԥсуа жәлар рҵас-рқьабз ддырдыруеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 24– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Ԥхынгәы 23 рзы Ҭырқәтәыла, аԥсуа қыҭа Тандыр аҿы имҩаԥысит аныҳәатә гәырӷьара ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба.
"Ауснагӡатә рхы аладырхәит хәышәҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Урҭ арахь иааиит Ҭырқәтәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи. Иазырхиаз аконцерт иалахәын афольклор-хореографиатә коллективнытәи астудентцәа, ашәаҳәаҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа", — ҳәа еиҭеиҳәоит Гыцба.
Аныҳәатә уснагӡатә хыркәшан ателецҳала. Иара еиманадеит Ҟарачы-Черқьесск, Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Аԥсны онлаин режим ала.
"Асеиԥш иҟоу акциақа рҭоурых ԥсадгьыл иамардоит. Ҳџьынџьуаа рыблақәа лаӷырӡыла иҭәын" — иҳәоит иара.
Черқьесск акәзар аныҳәатә уснагӡатә хацыркын апарк "Зеленый остров" аҿы анеиааирала. Иара абра имҩаԥысит аҭоурых бираҟқәа рцәыргақәҵа. Ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи идырбан акьанџьақәа ртеатр, афотосахьақәа рыла идырбан аԥсуа-ачерқьес культура.
Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш Черқьесск амҩаԥгара иалахәын аԥсуа шәаҳәаҩцәа Мадина Кәарацхьелиа, Саниа Ҭаниа, аспортсменцәа.
Ԥхынгәы 23 иазгәарҭоит Абираҟ Амш. Адунеи зегьы аҟны инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа иара убасгьы акультура-массатә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит абри амш аҽны, аныҳәа иаҭаауа асасцәа аԥсуа жәлар рҵас-рқьабз ддырдыруеит.