"Аҧсадгьыл агәеисыбжь" иазку аҵабырг

© Sputnik / Томас ТхайцукВахтанг Абхазоу
Вахтанг Абхазоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аҧсны асаит аҟны аҧсышәала иҭагалан ажурналист Саида Жьиба иазлырхиаз Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Неџьдеҭ Агәмаа иҿцәажәара, дыззаҭгыло атема азкын Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә еилакы иҭнажьуаз агазеҭ "Аҧсадгьыл агәеисыбжь". Агазеҭ аҭыжьра шхацыркыз атәы дазааҭгылоит уи аредактор хадас иамаз Вахтанг Аԥҳазоу.

Вахтанг Аԥҳазоу

2011-2016 шш. раан "Аҧсадгьыл агәеисыбжь" аредактор хада

2018 шықәса ииуль 14 рзы Sputnik Аҧсны асаит аҟны аҧсышәала иҭагалан ажурналист Саида Жьиба иазлырхиаз Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Неџьдеҭ Агәмаа иҿцәажәара.

Ажурналист дыззаҭгыло атема азкуп 2011-2015 шықәсқәа раан Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә еилакы (иахьа – аминистрра) иҭнажьуаз агазеҭ "Аҧсадгьыл агәеисыбжь".

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Абҳазоу агазеҭ "Аԥсадгьыл агәеисыбжь" иазкны

Аҧхьаӡа иргыланы иазгәаҭатәуп ари агазеҭ аҧҵара аидеиа шииз Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧснытәи аҳәынҭеилакы аҟны. Уи Аҧсны Аиустициа аминистрра аҟны ашәҟәы иҭагалан, аршаҳаҭгагьы аман. Агазеҭ ҩ-бызшәак (аҧсышәалеи ҭырқәшәалеи) рыла есымза знык иҭыҵуан, еиҳаракгьы изызкыз Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рыларҵәара, рхатәы бызшәа агәыблра дыркра, рмилаҭтә хдырра ашьҭхра ацхраара акәын. Аҭыжьымҭа ианылон еиуеиҧшым ажәабжьқәа, ахатәы бызшәа, аҵас-ақьабз, Аҧсуара, ҳџьынџьуаа рахьтә Аҧсадгьыл зхы ақәызҵаз, аибашьра аветеранцәа, аҧсуа жәлар рҿаҧыц ҳәамҭақәа, аҧсуа инхашьа-инҵышьа, ибзазашьа, амилаҭ чысқәеи урҭ рырхиашьеи, акультура, аспорт, аҟазара уҳәа ҳтәылаҿы имҩаҧысуаз ахҭысқәа ирызкыз ажәабжь ҿыцқәа маҷымкәа.

2011 шықәса рзы Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧснытәи аҳәынҭеилакы ахантәаҩыс дыҟан Зураб Адлеиба, иара иоуп агазеҭ аҧшьгаҩыс иамазгьы. Иара иоуп снаҧхьаны агазеҭ ҿыц анапхгара асҭарц азҵаара сыдызгалазгьы. Ажәалагала санақәшаҳаҭха, агазеҭ ахьӡ азыҧшаара аангьы иареи, Џьон Смыри, сареи ҳауп "Аҧсадгьыл агәеисыбжь" ахьӡ еицалызхызгьы.

Аредакциа ауаажәларратә хеилак (асовет) аилазаараҿы иҟан: сара — аредактор хада, ааигәанӡа Арепатриациа афонд аиҳабыс иҟаз Џьон Смыр, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы Оқҭаи Чкотуа, Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧснытәи аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Аҳмаҭ Маршьан (имаҵура анаанижь нахыс – Шьараф Маршьан), Неџьдеҭ Агәмаа.

Мушни Ласуриа - Sputnik Аҧсны
Мушьни Лашәриа арепатриациазы: амҩа аатит, ацҳа хуп - иацхраалатәуп

Арҭ рахьтә аредакциа аштат аҟны иарбаӡамызт Џь. Смыр, А. Маршьан (Шь. Маршьан), иара убасгьы Н. Агәмаа. Амакетқәа рдизаин ансырхиалак авиорстка ҟаиҵон Адамыр Беренџьи. Агазеҭ аредакциа ыҟан Аҧснытәи аҳәынҭеилакы аҟны. Ианылоз аматериалқәа зегьы реиқәыршәара ахьымҩаҧысуазгьы араҟа ауп. Аҧсышәала иазырхиахоз аҭырқәшәахь еиҭагаҩыс даман Оқҭаи Чкотуа (ҭырқәшәала иҟаз атекстқәа зегьы иара дрыҧхьон, инапы иҵихуан). Еиуеиҧшым аамҭақәа раан агазеҭ амаҵ азыруан иара убас Сырма Ашәҧҳа, Елиа Ҵышәҧҳа.

Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧснытәи аҳәынҭеилакы аҭоурых аҟны "Аҧсадгьыл агәеисыбжь" ахьӡны даҽа газеҭк, мамзаргьы журналк ҭымҵыцызт. Амала иазгәаҭатәуп 1997-2001 шықәсқәа раан Аҧснытәи аҳәынҭеилакы ишыҭнажьуаз зформат маҷыз агазеҭ "Абазамҩа" зыхьӡыз Виачеслав Бганба напхгаҩыс даманы. Зынӡа иҭыжьын — быжь-номерк.

Агазеҭ мызкы знык иҭыҵуан, аформат ду змоу ҳәа иҧхьаӡан. Абасала, амакетқәа разырхиара, адизаин аиқәыршәара, нас – адаҟьақәа авиорстка аҟаҵара зегьы Аҟәа, аредакциаҿы имҩаҧысуан. Зформат дуу агазеҭ аҭыжьразы Аҧсны аполиграфиатә база ахьыҟам инадҳәаланы, авиорстка ашьҭахь даҽазныкгьы аредакциа аусзуҩцәа ҳаҧхьаны, агхақәа иамоу риашаны, аелектронтә версиа PDF ашҟа ииаганы (уаҳа кьыс амоурц, еиламхәарц) аинтернет ахархәарала Ҭырқәтәылаҟа, Аҧсуа Федерациа ашҟа идәықәаҳҵон, иара убас Неџьдеҭ Агәмаа иахь.

Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсуа Федерациеи Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧснытәи аҳәынҭеилаки ирыбжьаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аҳәынҭеилакы аҟны иаҧҵаз агазеҭ аредакциа аусзуҩцәа зегьы руалафахәы Афонд есышықәсатәи абиуџьет иахыҧхьаӡалан, убри алагьы иазыҧҵәаз ахарџьқәа аҳәынҭеилакы иашәон.

Атанур Акусба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҟәсба: Ҭырқәтәыла "саԥсыуоуп" зҳәо зегьы рсиа ашьақәыргылара ҳгәы иҭоуп

Аформат ду змоу агазеҭ Аҧсны аҭыжьра ахьзалымшоз аҟнытә, агазеҭ Ҭырқәтәылан, Анкара атипографиақәа руак аҟны акьыҧхьра мацара иацыз ахарџь Аҧсуа Федерациа адгылеит. (Амала, изӡатәузеи, зны-зынла, рымч анақәымхалакгьы, агазеҭ аномерқәа ҩба-хҧа ркьыҧхьра иацыз ахарџь инеидкыланы Аҧснытәи аҳәынҭеилакы ианашәозгьы ыҟан Хьрыҧс Џьопуа аҳәынҭеилакы ахантәаҩыс даныҟаз). Аҧсуа Федерациа аҟнытә хаҭала агазеҭ акьыҧхьра инапы ианырҵеит Неџьдеҭ Агәмаа. Уи аус ахьиуаз типографиак аҟны икьыҧхьуан, нас Аҧсуа Федерациа иаҵанакуа акультуратә хеилакқәа ирзишон, ахәҭакгьы ҳтәыла аҧхьаҩцәа рзы Аҧсныҟа иаарышьҭуан Сҭампыл иҟоу Аҧсуа Федерациа ахаҭарнакцәа.

Аҵыхәтәан, 2016 шықәса алагамҭаз агазеҭ аанкылахеит Аҧсуа Федерациа анапхгара ҿыц аналырх ашьҭахь. Аха хара имгакәа Аҧсуа Федерациа Аҧснытәи аҳәынҭеилакы ашҟа ажәалагала ҟанаҵеит "Аҧсадгьыл агәеисыбжь" ахьӡ шамоу иазныжьны ажурнал аҭыжьра ашҟа аиасразы, ҩымз рахьтә знык иҭыҵлауа ажурнал аихшарагьы еиҳа ишырзыманшәалоу азгәаҭаны.

2016 шықәса рзы агазеҭ "Аҧсадгьыл агәеисыбжь" Аҧсны Аиустициа аминистрра аҟны ашәҟәы ианыхын. Уи нахыс ажурнал ҿыцны ашәҟәы иҭагалан, аршаҳаҭгагьы аиуит.

Ажурнал ҩ-номерк Аҧсны, Аҟәатәи атипографиа аҟны иҭыжьын. Аредакциа аусзуҩцәа руалафахәы, насгьы ажурнал атипографиаҿы акьыҧхьра ахарџь зегьы Аҧснытәи аҳәынҭеилакы иашәеит Вадим Ҳаразиа хантәаҩыс даныҟаз. Аномерқәа рыҩбагьы ртираж еиҳараӡак Ҭырқәтәылаҟа ишьҭын.

Ажурнал иазкны аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵараны иҟан Аҧснытәи аҳәынҭеилаки Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсуа Федерациеи. Аха аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра зынагӡамхеит. Аиқәшаҳаҭра аҟны ианырҧшхар акәын ҩ-ганк рнапынҵақәа. Аҧхьаӡа иргыланы Аҧсуа Федерациа ахахьы иагар акәын ажурнал Ҭырқәтәылатәи аҧсуаа рыларҵәара уҳәа егьырҭ ауснагӡатәқәа. Аха, абасала, ажурналгьы аҭыжьра еиҧҟьеит 2016 шықәса аҩбатәи азбжа инаркны.

Сима Дбар - Sputnik Аҧсны
Сима Дбар арепатриантцәа ирызкны: исҭахуп ҳҿаҵа еиҩшаны ҳанхарц, ҳанҵырц

Еилкаам Sputnik Аҧсны асаит иҭагалоу Неџьдеҭ Агәмаа иҿцәажәара аҟны иззааҭгылоу ахҭысқәа ахьынтәаанагаз. Урҭ аҵабырг иазааигәам, акырӡагьы иацәыхароуп.

Агазеҭ, нас – ажурнал "Аҧсадгьыл агәеисыбжь" аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуааи рҭоурыхтә ҧсадгьыли реимадареи русеицуреи рырҭбаара аус аҟны рлагала маҷым ҳәа агәаанагара змоу маҷҩым. Арепатриациа аҭоурых адаҟьақәа ируакнгьы иаанхоит. Иҭыжьыз агазеҭи ажурнали рномерқәа зегьы ҵәахуп Аҟәа, Омар Беигәаа ихьӡ зху аҳаанырцәтәи аҧсуаа рҭоурых амузеи аҟны.

Инамҩатәны иазгәаҭатәуп иара убас агазеҭ анҭыҵлак, номерцыҧхьаӡа аелектронтә версиа Аҧсуа Федерациа аҟны аус зуаз Озен Ацанба Афедерациа асаит ишҭеигалоз, аинтернет аҟны уи ишаҧхьоз аҧсуа-адыга хылҵшьҭрақәа ахьынхо 24 ҳәынҭқарра рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0