Бибилови Асади аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

© Sputnik Наталья Айриян Анатолий Ильич Бибилов
Анатолий Ильич Бибилов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҽыша, ԥхынгәы 22 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Валид Муаллеми Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега Дмитри Медоеви Дамаск рнапы аҵарҩит аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра.

АҞӘА, ԥхынгәы 24— Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспубликеи Шьамтәылатәи Арабтә республикеи рхадацәа Анатоли Бибилови Башар Асади Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада официалтә визитла Дамаск иҟазаара аҳәаақәа ирҭакны рнапы аҵарҩит аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспубликеи Шьамтәылатәи Арабтә республикеи рхадацәа Анатоли Бибилови Башар Асади Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада официалтә визитла Дамаск иҟазаара аҳәаақәа ирҭакны рнапы зҵарҩыз аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра аус адулоуп ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҿиареи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи шьаҭас иҟаҵаны", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аиқәышаҳаҭра ишьақәнарӷәӷәоит ашьам жәлари ауаԥс жәлари реизыҟазаашьа арҭбаараз аҽазышәара.

"Аиқәышаҳаҭра инақәыршәаны аганқәа аус еицырулоит ахәаахәҭра, аекономика, аҭҵаарадырра, аҵарадырра, акультура, аспорт русхкқәа рҟны", — ҳәа азгәаҭоуп адокумент аҿы.

Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада официалтә визитла Дамаск иҟазаара аҳәаақәа ирҭакны иазыԥхьагәаҭоуп атәыла Аԥыза-министри Шьамтәыла Апарламент аиҳаби абизнесеилазаара рхаҭарнакцәеи рԥылара.

Ажәабжьқәа зегьы
0