Хьрыԥс Џьопуа имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГлава Очамчирского района Хрипс Джопуа
Глава Очамчирского района Хрипс Джопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хьрыԥс Џьопуа имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. 2015 шықәса раахыс Хьрыԥс Џьопуа очамчыра араион Ахадас дыҟан.

АҞӘА, ԥхынгәы 24 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Хьрыԥс Џьопуа Очамчыра араион Ахадас дахьыҟаз аҟынтәи ихы дақәиҭтәызарц. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

"Хьрыԥс Џьопуа Очамчыра араион Ахадас дахьыҟаз аҟынтәи ихы дақәиҭтәызааит уаанӡатәи ирзаҳал инақәыршәаны", — ҳәа аҳәоит аусԥҟаҿы.

Аамҭала Очамчыра араион Ахада инапынҵақәа неигӡалоит Славик Қәычбериа.

Хьрыԥс Џьопуа –1992 – 1993 шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәылоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0