АҞӘА, ԥхынгәы 24– Sputnik. Гәдоуҭатәи амашьына-трактортә станциа аиҳабы Лавренти Сақаниа иҳәеит Урыстәылатәи атехника адгьылцәаӷәатәқәа рхыԥхьаӡара иацырҵоит ҳәа ишгәыӷуа.
Лавренти Сақаниа Sputnik иаиҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>
"Гәдоуҭа араион иаҭоу атехникаҿ зегьы иреиҳауп атрактор К-700. Иара акәаҭанақәа ааба ацраҳәоуп, адгьыл ацәаӷәареи алаҵареи ирзырхоуп", — иҳәоит Сақаниа.
Атехника иахьатәи аамҭа иақәшәо, иҿыцу техникоуп ҳәа азгәеиҭоит иара. Иара иажәақәа рыла ақыҭанхамҩа техника ҿыц ахархәаразы еиҳа иманшәалоуп адгьыл еиҵыхқәа рҟны.
"Уажәы амҩа иқәуп атрактор Т-90, уи адагьы ахархәараҿ иҳамоуп хә-тракторк "Белорусь"-12212. Дара зегьы аусура иазыхианы еиқәышәшәа игылоуп", — иҳәоит Сақаниа.
Лавренти Сақаниа ишиҳәо ала МТС-и ақыҭақәа рхадарақәеи еилаӡоит аусурақәа рымҩаԥгаразы.
"Аусурақәа заанаҵы уҽрызурхиароуп. Араион ақыҭақәа Лыхны, Хәаԥ, Дәриԥшь, Оҭҳара рҿы ажьырныҳәа анҵәамҭаз ацәаӷәарақәа урылагар ауеит. Ус, хәажәкырамза анҵәамҭагь ааиуеит, алаҵара ауа иҟалоит. Аџьықәреи шылаҳҵалак ақыҭақәа рхадацәа акалькулиациақәа еиқәдыршәоит, абанк аҿы ҳаԥхьаӡарахь аԥарақәа ииаргоит", — ҳәа иҳәоит иара.
Зынӡа Гәдоуҭа араион иаиуит 11 техникатә ак.
"Атехника ҿыц аиура ацхыраарала уаанӡа иаҳцәаӷәоз адгьылқәа раасҭа 3-4 нызқь гектар еиҳаны иаҳцәаӷәар ҳалшоит уажәшьҭа", — иҳәеит иара.
Лавренти Сақаниа иара убасгьы иазгәеиҭеит атехника шьақәҟьар аиҭашьақәыргыларазы Урыстәылантәи аҟазауаа шаауа.
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла Ахада Владимир Путини реиҿцәажәарала ареспубликахь иаашьҭуп 200 миллион мааҭ зыхәԥса тәо ақыҭанхамҩатә техника.
Атехника араионқәа ирзеихшахоит.