Акәашаратә ансамбль "Кәыдры" аиубилеи азгәанаҭеит

© Фото : скриншот Youtube/ Анна ЧерепановаВыступление детского ансамбля "Кудры", архивное фото
Выступление детского ансамбля Кудры, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион аҿы еиҿкаау ахәыҷтәы кәашаратә ансамбль "Кәыдры" жәашықәса ахыҵит ԥхынгәы 24 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 25 — Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Гәылрыԥшь араион аҿы еиҿкаау ахәыҷтәы кәашаратә ансамбль "Кәыдры" жәашықәса ахыҵит ԥхынгәы 24 рзы. Абарҭ ашықәсқәа ирылагӡаны ансамбль 30-нтә актәи аҭыԥқәа ааннакылахьеит, 11 Гран-при аиухьеит аԥснытәии аҳәаанырцәтәии аиндаҭларақәа рҟны. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ансамбль анапхгаҩы Омар Багаҭелиа.

"Зегь рхы ҳкит ашкол аҿы еиҿкааз акәашаратә кружок ала. Гәылрыԥшь араион ахадара ансамбль аҩаӡара азгәаҭаны ԥарала иҳацхраауа иалагеит. Убас, ансамбль алахәхеит Аԥсны имҩаԥысуаз ареспубликатә еиндаҭлара "Аӡыхь", ахԥатәи аҭыԥгьы ааннакылеит. Нас еиҳа-еиҳа еиуеиԥшым аконцертқәа ҳрылахәхо ҳалагеит, актәи аҭыԥқәагьы ааго ҳҟалеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит ансамбль анапхгаҩы.

Детский ансамбль Адац на фестивале в Нальчике - Sputnik Аҧсны
Акәашаратә ансамбль "Адац" афестиваль аҿы аиааира агеит

Ансамбль "Кәыдры" иалахәуп 120-ҩык акәашацәа, еихшоуп гәыԥ-гәыԥла.

"Ҳколлектив азы, аиҳаракгьы сара сзы зегь реиҳа иуадаҩын алагер "Орленок" (Туапсе) аҿы ҳиааира. Аиҵбыратә гәыԥ сыманы сыҟан схала. 20 мшы дареи сареи ҳаицыҟан. Ус шакәызгьы актәи аҭыԥ аагеит. Ахәыҷқәа ԥшь-кәашарак ддырбеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Абри ашьҭахь Дубаиҟа анаԥхьара ирымаз рхы ирзамырхәеит аԥаразоужьра аҟамзааразы.

"Шәачатәи аиндаҭлара "Маскарад искусств" аҟны ҳаиааиит. Дубаиҟа ҳнарыԥхьеит аха ҳзымцеит", — иҳәоит иара.

Гәылрыԥшь араион аҿы еиҿкаау ахәыҷтәы кәашаратә ансамбль "Кәыдры" жәашықәса ахыҵит ԥхынгәы 24 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0