Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Ажәытәӡатәи ахаҳәтә ԥҟагақәеи, антикатә ԥҽыхеи, адухьҭрақәеи, ашәҭҭрақәеи, асындықәреи, архитектуратә гәашьақәеи, антропоморфтә (ауаҩи, ауаҩԥшра змоу амаамынқәеи зну) ҭоубыҭқәеи, еицырдыруа Пицундатәи амозаикеи, акерамикатә аӡымҩацҳақәеи рыхәҭақәа уҳәа, 1000 инареиҳаны ажәытә хаҳәтә аамҭеи, ишәхьоу абжьаратә шәышықәсеи ирыҵаркуа аекспонатқәа цәыргоуп Пицундатәи аҳәынҭқарратә аҭоурыхтә-архитектуратә музеи-аҳәырԥссара "Пицунда Дуӡӡа" аҟны.
Сынтәа амузеи аҿы имҩаԥысуаз ашәҟәҭагалара иалахәыз аҭоурыхҭҵааҩ, анаука аусзуҩ Давид Канделаки иаҳзеиҭеиҳәеит, амузеи ашьақәгылашьеи, араҟа ицәыргоу аекспонатқәа ахьынтәаагоуи.
Пицундатәи аҳәынҭқарратә аҭоурыхтә-архитектуратә музеи-аҳәырԥссара "Пицунда Дуӡӡа" еиҿкаан 1989 шықәсазы аминистрцәа реилазаара рықәҵарала, официалла ашәҟәы иҭагалан 1991 шықәсазы.
Евразиатәи абаҟақәа рҵакы змоу, ареспубликатәии, жәларбжьаратәии, акультура-архитектуратәии, аԥсабаратәии закәани ахартиеи ирышьашәалоу милаҭ паркны иԥхьаӡоуп.
"Амузеи, аҳәырԥссара аԥхьагьы иаԥҵан. 1960-тәи ашықәсқәа раан аекспонатқәа шьҭан а-10-тәи ашәышықәса иаҵанакуа Пицундатәи Апатриархтә ныхабааҟны.
1975 шықәсазы, аныхабааҟны ауарӷан ашьақәыргылара ианалага, аԥшаахқәа зегьы, анҭыҵ реидкылара аиҿкаара нап аркхеит. Амузеи ииагахеит 1912 шықәса иаҵанакуа, абер уадақәа рахь", — еиҭеиҳәоит аҭоурыхҭҵааҩ.
1950-тәи ашықәсқәа раан, Пицунда ақалақьи иаҵанакуа аҭыԥқәеи рҟны аусура иалагеит Қырҭтәылатәи ССР Анаукақәа Ракадемиа, аҭоурыхи, археологиеи, аетнографиеи ринститут иатәыз, еицырдыруаз Пицундатәи археологиатә експедициа, апрофессор Апакиӡе инапхгарала.
Убри аамҭа иалагӡаны, иԥшааны иҭҵаан ажәытәхаҳәтә аамҭеи, ишәхьоу абжьаратә шәышықәсеи ирыҵаркуа архитектуратә баҟақәа.
"Хадара зуа акәны иԥхьаӡоуп, ажәытәӡатәи Пицундатәи ахырӷәӷәарҭа аҭҵаара, араҟа иԥшаан хыԥхьаӡара рацәала, усҟантәи аамҭазы аҭыԥантәи анхацәа ркультуреи, рсоциалтәи, ауаажәларратә-економикатәии, адинтәи, арра-политикатә ԥсҭазаареи зныԥшуаз артифактқәа", — ҳәа ҳаиликааит Давид Канделаки.
Пицундатәи аҳәынҭқарратә аҭоурыхтә-архитектуратә музеи-аҳәырԥссара "Пицунда Дуӡӡа" аҟны ицәыргоу аматериал аӷьырак, убасҟан иԥшааз роуп.
Аинтерес зҵоу археологиатә баҟақәа рыҭҵаара инапы алакын, ари амузеи акыр шықәса напхгара азҭоз археолог Заур Агрба, иара убас ажәытәӡатәи Пицунда ахырӷәӷәарҭеи акәша-мыкәшеи иԥшааз аекспонатқәа аус рыдырулон егьырҭ аԥсуа ҵарауаагьы.
Пицундатәи амузеи иаҭаарц рылшоит агәаҳәареи аинтереси змоу. Араҟа аекскурсиақәа реиҿкаара рыбзоуроуп ԥасатәи аиҳабы Руслан Барцыци, иахьатәи Даур Амԥари.
Аҵәахырҭатә фонд аҟны иҟоу аламҵакәа, амузеи аҿы ицәыргоуп 1000 инареиҳаны аекспонатқәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ажәытәӡатәи ахаҳәтә ԥҟагақәеи, антикатә ԥҽыхеи, адухьҭрақәеи, ашәҭҭрақәеи, асындықәреи, архитектуратә гәашьақәеи, антропоморфтә (ауаҩи, ауаҩԥшра змоу амаамынқәеи зну) ҭоубыҭқәеи, еицырдыруа Пицундатәи амозаикеи, акерамикатә аӡымҩацҳақәеи рыхәҭақәа уҳәа, шәнызқь шықәса зхыҵуа инаркны зқьышықәсанӡа зхыҵуа рҟынӡа.
Мшаԥымзазы акультуреи, аҭоурыхтә культуратә баҟақәа рыхьчареи рминистрра адҵала, амузеи аҟны имҩаԥган аекспонатқәа ашәҟәы рҭагалара.
"Ашәҟәҭагалара хықәкы хадас иаман, аекспонатқәа хронологиала, закутә хку, иахьыԥшааз аҭыԥқәеи, иахьынӡеиқәхаз азгәаҭаны, аԥшаах автор дарбаны ашәҟәы ҷыда анҵара", — иҳәоит аҭоурыхҭҵааҩ.
Иахьа, Пицунда ақалақь ԥсшьара иаҭаауа рыдагьы, аҭыԥантәи ауааԥсырагьы гәахәарыла иааиуеит амузеи ахь.
Ари аҭурыхтә баҟа ишьақәнарӷәӷәоит Аԥсны ажәытәӡатәи аамҭақәа инаддыркны ацивилизациа ҳаракы шамаз.