Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Надараиа: араион ахада аусурҭа ҭыԥқәа раартра мацарала ахәшьара иҭазар, дрыцҳауп

© Sputnik Белла КварчияТимур Надарая
Тимур Надарая - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион ахада Ҭемыр Надараиа арадио Sputnik аефир аҟны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рҟны аекономика азҵаарақәа рзы аҭакзыԥхықәу иалхразы игәаанагара иҳәеит.

Ԥхынгәы 27 рзы аминистрцәа реилазаара ақәҵара аднакылеит раионцыԥхьаӡа аекономикатә зҵаарақәа рзы аҭакзыԥхықәу иалхразы. Уи ала анаплакыҩцәа рус иаҳа аҿиара аиуеит ҳәа агәаанагара имоуп аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

"Атәылауаҩи аиҳабыреи": Надараиа аекономика азҵаарақәа рзы араион аҿы аҭакзыԥхықәу изкны

"Ари азҵаара, зегь раԥхьа иргыланы араион аиҳабы, аҟәшақәа зегьы ирызҵаароуп, уи аӡәгьы дацәхьаҵыр акәӡам. Аха ас еиԥш аӡбамҭала аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба иаҳирбар иҭахуп аус шырцыхцыхтәу.

Ахаангьы ус иҳаԥхьаӡон аҳәынҭқарраҿы аус зуа аҭагылазаашьа аԥырҵароуп араион аҟны абизнес знапы алазкуа аусура изыманшәалазарц ҳәа.

Ари азҵааразы аҭакԥхықәра здаҳҵо дҟалоит. Аштат ҿыц аартны, ашәахтәқәа даҽа ҭыԥк азы иоужьуа акәым. Администрациаҟны аекономика аҟәша аиҳабы аҭакԥхықәра идлоит, мамзаргьы схаҭыԥуаа руаӡәы.

Абизнесуаа араион радԥхьалара аус ырцыхцыхтәуп, хымԥада. Уи аусурҭатә ҭыԥқәа раартра иадҳәалоуп, ашәахтәқәа ирыдҳәалоуп. Аекономика аминистр иҳәеит шаҟа аусурҭа ҭыԥкәа араион аҟны иаатыз ала ахәшьара иаҳҭап араион ахада ҳәа.  Аха уи мацразы ахәшьара иуҭар дрыцҳауп, избанзар иҟоуп ирацәаны аусқәа ахәшьара злаиуҭаша. Аха аҭакзыԥхықәу ауаҩы дыҟазароуп ҳәа зазгәаҭоу аус арцыхцыхроуп, хымԥада", — иҳәеит Надараиа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0