"Хра злоу ахҭысқәа": Ҷанба Аԥсуа театр аусура иазкны
"Ҳара иахьа иҳамаӡам аимак-аиҿак, избанзар ҳазҿу аҟазароуп. Аҟазара уаанӡа иаԥырхагаз ацәырҵрақәа роуп изхылҿиааз аимак. Асценаҟны ҳнеины аҟазара ҳаналага, уи зегь ыӡит, избанзар досу рус рнапы аларкит. Џьанаҭ ҳаҟаӡам Аԥсуа театр, аха иахьакәзаалак уадаҩра ахьыҟам ыҟаӡам. Ус анакәха Аԥсуа театр аҿы џьара иҟам аимак ҳамаӡам. Саннеи аҽны иҟаз аилибамкаара ауп акәымзар, уи ашьҭахь зынӡа аимак-аиҿак ҳамамызт. Абри ԥшак анасуа еиԥш, аамҭак иаанагазаргьы аимак ирласны ицеит, иахьа зегьы зызхәыцуа аҟазароуп", — иҳәеит Ҷанба.