Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа: ҳабитуриентцәа аиҳараҩык ақыҭақәа рҟынтәи аҿар роуп

© SputnikВалерий Кварчия
Валерий Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адкыларатә ԥышәарақәа рылҵшәақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәатәи иаарту аинститут аректор Валери Кәарҷиа.
"Хра злоу ахҭысқәа": Кәарҷиа абитуриентцәа азҿлымҳара зырҭо азанааҭкәа ртәы

"Арзаҳалқәа бжьаратәла уахәаԥшуазар ҵыԥх аасҭа сынтәа еиҳауп, 275 арзаҳал аларҵеит, ихадаҳкылеит 127-ҩык. Ҩажәа шықәса ҵуеит аус ҳуеижьҭеи, шықәсык 130-150 ҩык еиҳаны иҳадҳамкылаӡацт, ҳалшарақәа ус ауп ишыҟоу. Азанааҭкәа фба рыла иҳадаҳкылоит. Иазгәасҭар сҭахыуп, аҳазалхреи азиндырреи рахь инеиз даара ишырацәоу. Ақыҭанхамҩа иадҳәалоу азаанааҭ ахь инеиз маҷуп.  Уи ауп ҳтәылаҟны хырхарҭа хадас иҟоу, аха арзаҳалқәа быжьҩык роуп иалазҵаз сынтәа, ҵыԥх акәзар 16-ҩык ыҟан.  Иманшәаланы иҟоу азыҟаҵаратә курсқәа ҳамоуп, февраль инаркны маи мза  рҽазыҟарҵоит агәыԥқәа.  Урҭ аҽазыҟаҵарақәа ирыбзоруны рдыррақәа рыҩаӡара еиҳахоит, шамахамзар зегьы  аҵара иҭалоит. Ҳабитурентцәа ртәы уҳәозар, аиҳараҩык ақыҭақәа рҟынтәи иаауа аҿар роуп", — иҳәеит Кәарҷиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0