Аԥсны Ахада аилацәажәара мҩаԥигеит атәылауаҩшәҟәқәа рыҭаразы

© Sputnik / Томас ТхайцукПаспорта нового образца.
Паспорта нового образца. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаԥигеит апаспорт ҿыцқәа Аԥсны ауааԥсыра рыҭара азҵаарақәа ирызкны.

АҞӘА, нанҳәа 9– Sputnik. Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Астамур Қьецба аилацәажәара алахәылацәа идирдырит иахьатәи аамҭазы 77 460 тәылауаҩшәҟәы рҟынтәи 5 718 — рыҭара ишазыхио, 8 212 — аус рыдулара ишаҿу. Абри атәы аалыцҳаит Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Наала Аҩӡба.

Эдуард Манаргия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Манаргиа: имазеины ишьҭоу атәылауаҩшәҟәқәа изтәу иргом

Ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи рпаспорттә усбарҭақәа реиҳабацәа атәыла Ахада идырдырит рнапы иану аҭыԥқәа рҿы аҭагылазаашьа шыҟоу атәылауаҩшәҟәқәеи анхараз азинқәеи ауааԥсыра рыҭара аганахь ала.

"Атәыла Ахада инапынҵала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи араионқәа рхадарақәеи аинформациатә усура иацырҵалоит атәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахразы", — лҳәеит апресс-маӡаныҟәгаҩ.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаԥигеит апаспорт ҿыцқәа Аԥсны ауааԥсыра рыҭара азҵаарақәа ирызкны.

Ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи рпаспорттә усбарҭақәа реиҳабацәа атәыла Ахада амза анҵәамҭаз аинформациа ҿыц ирҭараны иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0