Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Манаргиа: имазеины ишьҭоу атәылауаҩшәҟәқәа изтәу иргом

© Sputnik / Томас ТхайцукЭдуард Манаргия
Эдуард Манаргия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апаспорттә-визатә маҵзура аиҳабы Едуард Манаргиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит ҳауаажәлар аӡәырҩы имазеины ишьҭоу ртәылауаҩшәҟәқәа шырымго.
"Атәылауаҩи аиҳабыреи": Манаргиа атәылауаҩшәҟәқәа ирызкны

"Аа-нызқь цыра атәылауаҩшәҟәқәа ихианы ишьҭоуп апаспорттә ҟәшақәа рҟны, изтәу иргароуп акәымзар, уаҳа акгьы аҭахым. Изырымго атәы иалкааны иҳаздыруам. Иҟалап, акурорттә аамҭазы аус ахьыруа иахҟьаны ҳауаажәлар рышәҟәқәа рымгозар, аха рмоуазар. Исҳәар сҭахуп атәылауаҩшәҟәқәа ргара аамҭа рацәа шаҭахым 10-20 минуҭ. Иахьазы 83-нызқь цыра атәылауаҩшәҟәқәа ылыҩҩаны иҟоуп, ирымгац аа-нызқь цыра налаҵаны. Аҳәара ҟасҵоит ҳауаажәлар рахь ртәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахырц, избанзар ашықәс нҵәаанӡа ауп ҽҳәарас ирымоу. Анаҩс зегьы зныкала идәықәлар, аиҵахарақәа ҟалоит", — ҳәа азгәеиҭеит Манаргиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0