Кәыдрытәи аоперациа иазкыз астол гьыжь мҩаԥган Атәылахьчара аминистрраҿы

© Sputnik Бадрак Авидзба Круглый стол в Министерстве обороны
Круглый стол в Министерстве обороны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кәыдрытәи аоперациа 10-шықәса ахыҵра иазкыз астол гьыжь мҩаԥган Атәылахьчара аминистрраҿы. Аоперациа хацыркын нанҳәа 12 2008 шықәса рзы.

АҞӘА, нанҳәа 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Кәыдрытәи аоперациа хацыркын нанҳәа 12 2008 шықәса рзы.

"Жәашықәса раԥхьа, нанҳәа 7 — 8 рзы Михаил Саакашвили "адәыцқьа" захьӡыз аоперациа далагеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи шьаҭанкыла рықәгара хықәкны иҟаҵаны", — ҳәа еиҭеиҳәоит Аԥсны Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба.

Ашәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Агрба: "Кәыдры аиҩхааҟны аиҭныԥсахлара" аибашьра иазку иреиӷьу рҿиамҭоуп

Нанҳәа 8 ашьыжь Аԥсны Мрагыларатәи архәҭа ргәыԥ иаалырҟьаны иргылан, Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәаахь инаган. Амчрақәа зегьы Кәыдрытәи аиҩхаахь рхы рхан.

"Кәыдрытәи аоперациа иалагеит. Аӷа Аахыҵ Уаԥстәыла иазирхаз амчқәагьы рҽеиҟәыршар акәхеит. Аоперациа напхгара аиҭон Атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа", — ҳәа еиҭеиҳәоит Ҵәыџьба.

Иара убасгьы дазааҭгылеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыжәларқәа рыхьчара ишықәгылаз. Кәыдрытәи аиҩхаа аҩадатәи ахәҭа ақырҭуа ир рнапаҿы иҟан. Қырҭтәыла аиҳабыра ирыгәҭакын уа Қырҭтәыла автономтә республика аиҳабыра рыртәара.

"Аԥсны аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылараз Аԥсны абри ахәҭа ахы иақәиҭтәын" — иҳәоит Ҵәыџьба.

Кәыдры аиҩхааҿ игылаз ар иааҟәымҵӡакәа Аԥсны ашәарҭа иҭадыргылон, иҳәоит Гарри Кәыпалба. 2008 шықәса алагамҭаз арегион аҿы аҭагылазаашьа аҽарххо иалагеит. Аԥсны иахаԥыруа иалагеит ақырҭуа "беспилотникцәа".

"Урҭ акымкәа иҩбамкәа икарыжьит. Аҭагылазаашьа убриаҟара аҽарххеит лаҵарамза 2008 шықәса рзы аибашьра иалагоит ҳәа аинформациа ҳауит, аха урыстәылатәи аиҳабыра рхалагалара уи ԥнарҟәҟәааит", — иҳәеит иара.

2003 — 2010 шықәсқәа раан Аԥсны ар рыштаб хада аиҳабы Анатоли Заицев далацәажәеит Кәыдрытәи аиҩхаа ахақәиҭтәра рыҽшазыҟарҵоз атәы.

"Ҳҿаԥхьа ҩ-дҵак ықәгылан: актәи аиҩхаа ахақәиҭтәра, аҩбатәи цәыӡ ҟамҵакәа аоперациа амҩаԥгара", — ҳәа еиҭеиҳәоит Заицев.

Иара иажәақәа рыла арҭ аҩ-дҵакгьы нагӡахеит.

"Ҳара амобилизациа мҩаԥаагеит. Акоманда-штабтә ҽазыҟаҵарақәа ҟаҳҵеит. Аԥшыхәратә усбарҭа шьахәла аус ауан. Ашьха-хысратә рота, Дмитри Кьышьмариа инапхгарала, аӷа итыл ахь изныкымкәа ауаа неишьҭхьан", — иҳәоит иара.

Кәыдрытәи аиҩхаа аҭарцәразы аоперациа иалаган нанҳәа 12 2008шықәса рзы. Аԥсны ахьынӡа-наӡааӡо зегьы ҭарцәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0