Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Нанҳәа, 14, 1992 шықәсазы, ҩнаҭацԥхьаӡа ажәабжь еиқәаҵәа ҩныҩит. Мышқәак рыла ишԥеилымгари ҳәа еибызҳәоз ҳажәлар, ԥшьала ргәыӷрақәа ҿыцәааит.
"Ақырҭцәа ҳақәлеит, уабаржәы ателевизор ала ирҳәеит, ҳәа лгәи лылаӷырӡи еилаҵәо ҳашҭа дааҭалеит ҳаб иаҳәшьа. Ҳгәылара, ана-ара ӷәӷәала ашьҭыбжьқәа гон. Ақәра еилых ҟамҵакәа, зныҭрыс зегьы рҽеизыргеит. Исгәалашәоит, ахацәа Гәдоуҭаҟа иандәықәла, ҳала ҭаа рышьҭа ҳашхыԥшылоз", — аибашьра раԥхьатәи амш далацәажәоит, 1992 шықәсазы, 10-тәи акласс ахь ииасыз, иахьа Гагратәи абжьаратә школ №1, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс аус зуа Диана Задеԥҳа.
Аԥҳәызба қәыԥш аибшьра ахьынӡаҵаулоу анеилылкаа, раԥхьатәи аидысларақәа рҿы, Аҟәа, ахәра зауны ирызнеиз рҭынха Сергеи Кәыҵниа данылба ауп.
"Сергеи деихаҿаҳәа, бџьарлагьы деиқәных данаҳзаа, ашәара шьҭысхит. Иара иаҳзеиҭеиҳәеит, ари ҽнактәи аус шакәым, аҭагылазаашьа даара ишыуадаҩу", — лҳәоит лара.
Дыҟамзар ҟалап ԥсыуак, усҟантәи аамҭазы, Владислав Арӡынба иқәгыларақәа ирзыԥшымыз.
"Ҳазегьы ҳгәы хыҭ-хыҭуа Владислав иҳаиҳәари ҳәа акәын ателевизор ҳшадтәалаз. "Ажәлар шәхацкы, акы шәацәымшәан, зегь акоуп аиааира ҳара иаҳгоит" аниҳәалак, ҳгәы ахәша ықәнаҵон", — лҳәоит, усҟан 17 шықәса зхыҵуаз, иахьа хҩык ахшара зааӡо Белла Задеԥҳа.
Аԥсуа телехәаԥшра аӷацәа рнапахьы ианаарга, ҳажәлар жәабжь хьанҭамзар акагьы раҳауамызт.
"Аинрал Каркарашвили "қырҭуак, цырак ихахәы кашәар, аԥсуаа зегьы шәынҳарҵәоит" ҳәа ажәлар ианрылаиҳәоз, ҳгәаҵаҿы ашәара акәӡамызт, ацәымыӷра акәын ииуаз", — ҳәа азгәалҭоит ан.
Нанҳәамза анҵәамҭазы, Задеиаа хҩык аиҳәшьцәеи, рани, ирзааигәаӡаз рҭынха ҩыџьа асабицәа лыманы, Гәдоуҭантәи мшынла, Шәачаҟа амҩа иқәлеит.
"Гәдоуҭатәи абаӷәаза, ахаҳә умбо уаала иҭәын. Еицәыӡқәаз рацәаҩхеит, зехьынџьара аҵәыуабжьы гон. Саргьы, иҳацыз ахәыҷы лнапы кны сышгылаз, ажәлар сымҩа ршәаҳан, Нхыҵ-Кавказтәи хатәгәаԥхаҩык, ҳрыцҳашьаны ҳрылеигеит. Ҳҭаацәеи ҳареи ҳанеибаԥшаа аӷба ҳақәтәеит. Исгәалашәоит убасҟан, ерман хаҵак, ибӷа ателевизор ықәыргыланы, дҳагәҭасуа, ҳаԥхьа дҭалоит ҳәа дшалагаз", — еиҭалҳәоит Диана Задеԥҳа.
Ахҵәацәа Шәачаҟа иандәықәла, амшын ацәқәырԥа шьҭыҵит. Аӷба мыцхәы аидара ақәын аҟнытә, аӡы ҭало иалагеит.
"Азнык азы алаҳәара ҟарҵеит, аидарақәа амшын иаҭатәуп, мамзар аӷба ӡааҟәрылар ҟалоит ҳәа, аха зегь акоуп ирылдыршеит ацәыӡ ҳамҭаӡакәа Шәачаҟа ҳгара. Убасҟан, аӷба дрыманы иҭалеит, 7-8 мзы зхыҵуаз асаби. Иара иан даҽа ӷбак дақәтәазаарын. Уеизгьы иуадаҩыз ҳамҩа, имеихсыӷьуаз ахәыҷы ҵәаабжьы ацын. Убасҟан сахьынаԥшааԥшуз, сылаԥш рықәшәеит, акагьы ҟамлашәа, еицәажәоз ҩыџьа аҳәса, убарҭ рҭынчра сара сахь маҷк ииасын, сшырзыӡырҩуаз Шәачанӡа ҳааӡеит. Ауха, уаҟа иаҳԥылеит ҩыџьа Ешыратәи аҷкәынцәа. Дара Аԥсныҟа абџьар бжьызгоз иреиуан. Асасааирҭаҟны изыҩназ ауадақәа ҳара иҳарҭеит, ҳаԥсы шьаны, адырҩаҽны Москваҟа амҩа ҳақәлеит", — лҳәоит аиаҳәшьцәа руаӡәы Диана.
Дара хымз Москва иҟан. Гагра араион ахы ианақәиҭха ашьҭахь, мышқәак ааҵуаны Аԥсныҟа ихынҳәуеит.
"Шықәсы рацәала аҩны ԥсшьара иаҳзаауаз аурыс ҭаацәара, арыцҳара ҳанақәшәа ҳрыдыркылеит. Дара рҿы ҳшыҟаз, ателевизор ала, Гагра ргеит ҳәа ажәабжь анҳаҳа, зны ҳҵәыуеит, зны ҳаччеит. Убасҟан, ҳан илҳәеит, уажәшьҭа аҩныҟа ҳгьежьуеит ҳәа. Ус иагьыҟаҳҵеит. Исгәалашәоит, Ԥсоу аҳәаа ҳаниасуаз, ҳалаӷырӡ шҳазнымкылоз", — еиҭарҳәоит аиаҳәшьцәа.
Гагра араион ахы ианақәиҭха, аԥсуа жәлар ргәаҵаҿы иит агәыӷра дуӡӡа. Усҟан ихынҳәит, аибашьра иалҵны ицаз аҭаацәарақәа жәпакы.
Нанҳәа 13, 1992 шықәсазы, Марина Жьиԥҳа абжьааԥнеиԥш адәқьан дыҵагылан. Аха уи аԥхьаҟа илаҳахьан, Аҟәа, ақырҭцәа рнапаҵаҟа аус зуоз аԥсуаа, ацтәқәа рылхны рыҩныҟақәа ишыршьҭуаз.
"Аибашьра ҽнак шагыз, сыдәқьан иааҩналеит қырҭуа хацәақәак, дара ирдыруан сара сшаԥсыуаз. "Араҟа усс ибымои, уабаржәыцәҟьа бдәылҵны бца" ҳәа исыҵаҟааит. Хымԥада схала сызлариааиуазеи, сҽааидыскылан сыҩныҟа сцеит. Усҟан, аџьармыкьа азааигәара ауада сыҩнан. Сыԥсы еиҭаскаанӡа, ахҭыс схаҿы еилсыргаанӡа, сгәыла гыруа ԥҳәыск дааин, "иҟоу бдыруоу, абри снапсаргәыҵа бымбои, убри аҟара ауп шәахьыҟоу шәарҭ аԥсуаа, абас шәҳарҟьцуеит", — лҳәан лнапы ааилалгәеит. Ус ада ацәажәашьа бақәымшәозар, ҳазшаз бибааит сҳәан, сыла дасмырбаӡеит", — илгәалалыршәоит Марина.
Нанҳәа 14 аҽны, аԥҳәызба ауада дыҩнымҵӡеит. Ақалақь аӷа итанкқәа алалахьан, бааԥсыла аиҿахысрақәа цон. Марина уажәы-уажәы лышьҭыбжь лаҳауан, кылԥшра илбааны, лышә аԥхьа иӡырҩуаз агыруа ԥҳәыс.
Адырҩаҽны, ахәылбыҽхан, Мгәыӡырхәантәи аҭыԥҳа лашьцәа ааны, аҳҭнықалақь далыргеит.
"Ҳгәылацәа 16 зхыҵуаз инадыркны, зшьапы инанагоз ахацәа зегьы еибашьра идәықәлеит. Жьиаа ҳаиашьараҟнытә, хара имгакәа, иаҳзааигәаӡаз хҩык аҷкәынцәа зынӡа ишқәыԥшӡаз иҭахеит, аԥсрақәа ирықәшәеит Џьыкраа ҩ-ҭаацәарак. Ақыҭа иалыҩҩуаз аҵәыуабжь, 26 шықәса раахыс схы иҭымҵӡацт, шаҟантәи сыԥхыӡқәа рҟны ицәырҵхьоузеи арҭ амш еиқәаҵәақәа", — ахьаа зцыз аамҭа лгәалалыршәоит Марина.
Аибашьра иацыз ауадаҩрақәеи, агәаҟрақәеи, ауаҩы иԥсы ахьынӡаҭоу, егьа даламцәажәозаргьы, зегь акоуп инымԥшыр ауам.
1992 шықәса, шәырлеи уҭраҭыхлеи ибеиазаарын. Традициала ишаԥу еиԥш, аԥсабара иунаҭо амал аџьармыкьахь иушьҭуеит, ухазы ахҩарақәа рылухуеит, ауа-аҭынха ирзыушоит.
Нанҳәа 14 аҽны, Лиудмила Алшәындԥҳа Шәачаҟа, лнапала еиҭалҳаз алаҳаҵла илнаҭаз ашәыр лыманы ддәықәлеит. Амҩахь, илықәшәаз лҩызцәеи лареи, ртауар иалаҽхәо, иаҭнырхо иалаархәо ишалацәажәоз, "аибашьра алагеит" — ҳәа ажәабжь нрыхьӡеит.
Убри нахыс, Лиудмила илааӡахьоу ашәыри, иаалрыхо ауҭраҭыхи ахҩарақәа рылхны иԥхьалкозаап, "амлакра" дацәшәаны.
"Аибашьра анцоз, Аҟәа иалҵны ҳауацәа ҳзааит. Изаҳӡари, афатә-ажәтә ала ҳаӷәӷәамызт, хәыҷи-дуи ҳҿаҵа еиҩшо, иаҳулак ҳаизибархон. Сара ианакузаалак "амлакра сацәшәоит", избанзар, ҳаныхәыҷқәаз, ҳани ҳаби иаҳзеиҭарҳәон, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа анцоз, Ленинградтәи аблокада иақәшәаз, амлеи ахьҭеи иакны зыԥсҭазаара иалҵыз рыуацәа рыӡбахә. Убри есқьынагьы сгәалашәараҿы ицәырҵуан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналагагьы, еиҳагьы сшәара аҽарӷәӷәеит. Шәырки, уҭраҭыхки мырбаакәа, ахҩара злыҵози ауаҭкахь исшьҭози еилԥшаауа, акы ԥхасҭасымтәеит", — лҳәоит лара.
Гагра араион аԥсуа еибашьцәа рнапахьы ианаарга, имлашьуа ақалақь иалалеит ҭынхада иҟаз абыргцәа. Амла иакуаз, ашҭақәа ирҭаԥшо, џьара аӡәы ҳрыцҳаишьозар ҳәа, еимдон. Убасҟан, Лиудмила илзааиуаз, аӡәы фатәыда доулмыжьит, дара ишаны ирылҭон "амлакра" илнарҟаҵоз ахҩарақәа.
"Ҽнак зны, сгәашә дааины дылагылеит 80 шықәса ирҭысхьаз урыс ҭакәажәык. Аишәа дадыртәаланы акралҿасҵап ҳәа лыжәҩа санааха, лнапқәа сгәашә аанда иалаԥсит, цәгьала лнацәкьарақәа ршьышьуа, ашьа рныҟәаны дадызгеит", — еиҭалҳәоит Лиудмила.
Аԥсуа ԥҳәыс аибашьра илзыннажьыз ашәара, иахьагьы иҿымцәааит, уи "амлакра" ауп. Абас, доусы аибашьра изыннажьыз ашәарақәа хьӡык-хьӡык рымоуп. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналагоз сара 10 шықәса ракәын исхыҵуаз. Иахьа, шьҭахьҟа санхьаԥшуа, исгәалашәо рацәаӡоуп, аха уи аҭоурых хазуп…