ConIFA аверсиала ашьапылампыл асразы Европа Ачемпионат Арцах имҩаԥгахоит

© Sputnik Алхас МанаргияЧемпионата Европы под эгидой ConIFA
Чемпионата Европы под эгидой ConIFA - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атурнир мҩаԥгахоит рашәарамза 2019 шықәсазы Ашьха Ҟарабах аҳҭнықалақь - Степанакерта аҟны, арыцхә еилкаахоит уашьҭан.

АҞӘА, нанҳәа 21— Sputnik. Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа Рконфедерациа (ConIFA) нанҳәа 20 рзы, алаҳәара ҟанаҵеит 2019 шықәсазы ашьапылампыл асразы Европа Ачемпионат мҩаԥгахоит Арцах (Ашьха Ҟарабах) ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит ConIFA аофициалтә саит.

Матч Абхазии с Кабилией - Sputnik Аҧсны
Лондон имҩаԥысуаз ConIFA ачемпионат аҟны ҳкоманда ажәбатәи аҭыԥ ааннакылеит

ConIFA апрезидент Пер-Андерс Блинд иазгәеиҭеит рашәарамза 2018 шықәсазы, Лондон имҩаԥгаз атурнир, иаанарԥшит ConIFA ашҟа ашьапылампыласҩцәа агәцыракра шрымоу.

"Лондон иҳауыз аихьӡарақәа рнаҩс, иазыӡбан 2019 шықәсазы ҳтурнир мҩаԥаҳгоит акыр иԥшӡоу иҭҵаам атәылаҿы ҳәа. ConIFA аиҳабыра аофициалтә ныҟәараан-  Степанакерта ҳаракыла ирԥылеит. Ҳгәыӷуеит, ConIFA иалаху акомандақәеи, АИХ-қәа рхаҭарнакцәеи аԥышәеи, агәахәареи роуп ҳәа", — иҳәеит Блинд.

Арцах ахьыԥшымра аиуит ашьха-ҟарабахтәи аибашьра ашьҭахь 1994 шықәсазы, иара убас аибашьра иалахәын Ермантәыла, Азербаџьан. Жәларбжьаратәи аилазаарақәа Арцах ахьыԥшымра азханаҵара иахыццакуам. Арцах ашьапылампылтә лига аҿиара иалагеит 2009 шықәсазы, Арцах ашьапылампыл асраз Афедерациа акәзар еиҿкаан 2012 шықәсазы.

"Арцах ConIFA иалахәылоуп, иара анеиҿкааз ашықәс инаркны, 2014 шықәсазы Швециа имҩаԥгаз атурнир иалахәын.  Арцах ашьапылампыл асраз Афедерациа атурнир амҩаԥгаразы агәаҳәара анаадырԥш, ҳаргьы ҳаигәырӷьеит", — иҳәеит иара.

Европа Ачемпионат иалахәхоит 12 команда: Европа Акубок занашьаз акоманда Паданиа, аҩбатәи аҭыԥ аанызкылаз Кипр, аԥхьахә занашьаз —Карпаталиа. Егьырҭ аа-командак ралахәхара шьақәырӷәӷәахоит ажьырныҳәамзазы имҩаԥгахо аҵәҭаршәра анаҩс.

"Ари аспорти, акультуреи, аиҩызареи ирныҳәа духоит", — ҳәа азгәалҭеит Арцах аҵареи, аҭҵарадырреи, аспорти рзы аминистр Нарине Агабалиан.

Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа Рконфедерациа (ConIFA) еиҿкаан 2013 шықәса рзы. Еиднакылоит FIFA аилазаара официалла иалам атәылақәа ршьапылампылтә командақәа 25.

Ажәабжьқәа зегьы
0