АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аинрал-леитенант Ҳасан Ҳаразиа ибаҟа аартра мҩаԥысраны иҟоуп Раменск, нанҳәа 25 асааҭ 12:00 рзы, ҳәа аанацҳауеит Москватәи аԥсуа диаспора апресс-маҵзура. Аинрал-леитенант Ҳасан Ҳаразиа Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аан Раменсктәи ажәабатәи арра-десанттә бригада напхгара аиҭон.
"Сынтәа иҵуеит Ҳасан Лагәысҭан-иԥа диижьҭеи 110 шықәса. Убри инадҳәаланы ақалақь анапхгара ирыӡбеит аибашьра афырхаҵа ибаҟа аадыртырц. Ҳасан Ҳаразиа Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аан Раменсктәи ажәабатәи арра-десанттә бригада напхгара аиҭон. Еиуеиԥшым аоперациақәа дрылахәын. Ҳасан Лагәысҭан-иԥа ақалақь аҳаҭыр зқәу атәылауаҩ ҳәа дшьан", — иҳәоит ахеилак "Союза десантников России" аиҳабы Станислав Колчин.
Ҳаразиа Ҳасан диит 1908 шықәса Мархьаул ақыҭан. Аибашьраан аҳаир-десанттә бригада напхгара аиҭон. Тула, Ориол, Смоленск аибашьрақәа дрылахәын.
Ианашьан Ленин иорден, Аеҵәа ҟаԥшь аорден, Суворов иорден, иара убас Аџьынџьтәылатә еибашьра аорденқәа ҩба.