Аҩӡба Нанҳәа ныҳәа иазкны: аҿамаҿа ианыҳәоуп
"Ҳара ҳатрадициатә культура, ҳатрадициатә динхаҵара иаҳәҭаку аныҳәеи ақьырсиантә ныҳәеи еилӡҩаны, еилаҵәаны ишьақәгылаз ныҳәоуп. Атрадициатә динхаҵара иаҳа ақәра амоуп, убри аҟнытә ҳара иазгәаҳҭар ҳалшоит, ҳатрадициатә культура раԥхьа иҟалаз ак шакәу, аха нас ақьырсианра Аԥсны иалаҵәо ианалага, ақьырсианра аԥыжәара аго иалагеит. Аха ажәлар ари аныҳәа рхадмыршҭӡеит. Аҵарауаагьы иазгәарҭоит, иаҳа ииашаны ари аныхәа аҿамаҿа иадҳәалоуп ҳәа. Избанзар, нанҳәамза ҽаҩраҭагалара ахықә ҳақәгылоуп, Аԥсны иҟоу шәырума, уҭраҭыхума зегьы рыхкы аишәа иқәырҵоит, аныҳәа иаԥылоит", — ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.