Есма Гогәуаҧҳа: аҭаацәараҿы аҧҳәыс лроль ишахәҭоу еиҧш инагӡалатәуп

© Фото : Сырма АшубаҦшьҩык ахшара ран Есма
Ҧшьҩык ахшара ран Есма - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Синоп инхо Амҷаа рҭаацәа, хәыҷгьы-дугьы цәыббрамза 1 ргәы хыҭ-хыҭуа иазыҧшуп. Абар, иааит уи амшгьы. Аҧсны араионқәеи ақалақьқәеи рыбжьаратә школқәа гәаартыла рҵаҩцәа ирҧылоит. Аҧсшьаратә мшқәа рыхганы, рхәыҷра адунеи амҵәыжәҩақәа иргәылҧраауа аҵарадырра амҩа лаша ианылоит уаҵәтәи ҳаҧсадгьыл аҧеиҧш лаша знапы иану ахәыҷқәа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Есма Гогәуаҧҳаи Иракли Амҷбеи рҭаацәараҿы ирызҳауеит ҧшьҩык ахшара. Хҩык аҭыҧҳацәеи, рҧыски: Хамида, Ҳанифа, Хьыбла, Хьрыҧс. Иреиҵбӡоу Хьыбла хәыҷы фымз лхыҵуеит. Лаҳәшьцәеи лашьеи рҽеибыҭаны ашкол ахь рцара, макьана Хьыбла лзы имаӡоуп, уи иаҵоу агәырӷьара еилылкаап актәи акласс ахь лшьапы анеихылго, ҧшӡала.

Семья - Sputnik Аҧсны
Ахәыҷырацәа змоу аҭаацәа ацхыраара рыҭахоит

Ҧшьҩык ахшара ран Есма Гогәуаҧҳа, ҟазшьала даара иҭынчу ҧҳәызбоуп. Лхәыҷқәа лнапқәа рыкәыршаны, аҧсыуа анык ишлыхәҭаҵәҟьоу еиҧш илааӡоит. Лара заанаҭла декономиступ, аха аамҭала лзаанаҭ зымҩа инышьҭаҵаны, лхы-лыҧсы зегьы лхәыҷқәа ирзылкит. Есма, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет афинансқәеи акредити рзаанаҭ далгеит. Аҭаацәара далалаанӡа аус луан Аҟәа ақалақь аҵәахырҭатә банк аҿы ҳасабеилыргаҩыс.

"Аҭаацәаратә ҧсҭазаареи ахәыҷқәа рааӡареи реилагӡара бзиоуп, хымҧада. Избоит ус еиҧш еилазыгӡо анацәа шыҟоу. Аха, сара схазы даҽа мҩак ылысхит, исҭахуп схәыҷқәа схы рзышьҭны, ршьапы ишахәҭоу еиҧш иқәыргыланы, ҳаҧхьаҟа ҧшӡала аусурахь сҭыҵырц", — ҳәа азгәалҭеит Есма Гогәуаҧҳа.

Есмеи Иракли рхәыҷқәа аҵара рҵоит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи аҧшьбатәи абжьаратә школ аҿы. Зегь иреиҳабу Хамида, сынтәа ахәбатәи акласс ахь диасит. Хьрыҧс, аҧшьбатәи акласс ахь, Ҳанифа лакәзар, аҩбатәи акласс ахь. Ан лажәақәа рыла, ахәыҷқәа ашкол ахь реиқәыршәаразы ҧынгыла ҳәа ак рымам, аҵара дырҵара аус ада.

"Ашкол ахь ҳаибыҭоуп. Ахәыҷқәа даара игәхьааргон, даара ргәы хыҭ-хыҭуа иазыҧшын ари амш. Маҭәалагьы, рҵага шәҟәылагьы ҳаиқәыршәоуп", — лҳәеит ҧшьҩык ахшара ран.

Есма излалҳәо ала, ахәыҷқәа зегьы ҟазшьала еиҧшӡам, рызегьы рҟазшьақәа хаз-хазуп. Аҵара бзиа ирбоит, еснагь рҽадцаланы рурокқәа ҟарҵоит.

Депутаты на пленарном заседании Государственной Думы РФ - Sputnik Аҧсны
Ан лмал ахархәара ырҭбаахоит

"Хамида лҽааизганы лҵатәқәа данрыдтәала, амаҭәарқәа зегьы лыцааиуеит. Уажәы ахәбатәи акласс аҿы амаҭәар ҿыцқәа ҳазцәырҵуеит, ҳахәаҧшып ишыҟало. Хамида дхәыҷӡан, аҩышьагьы лыздырӡомызт "ажәеинраала аҧысҵеит, ианышәҵа"-ҳәа дыҩны, лаб ма сара сахь данааиуаз, ҳаргьы иҳалҳәоз анаҳҵон. Лара аҩышьа анылҵа инаркны, лхаҿы иааиуа ацәаҳәақәа лықәра ишаҵанакуа еиҧш абӷьыц ианылҵоит. Рҵаҩыс илымаз Ҷкотуа Нонна Леуарса-иҧҳа, илыдылбалаз аџьабаазы ҭабуп ҳәа ласҳәарц сҭахуп", — ҳәа азгәалҭоит Есма.

Аҵара инаҷыданы, Хамидагьы Ҳанифагьы бзиа ирбоит акәашара. Хьрыҧс иакәзар, ашьапылампыл асра акыр дыхнахуеит, егьицааиуеит.

"Хьрыҧс дызлаҷкәыну ала, даара дласуп. Амаҭәарқәа бзианы ицааиуеит, даашьаӡом, дшааиз иаразнак иҵатәқәа дрыдтәалоит, иҟаҵаны далымгакәа дгылаӡом. Аҩнеихагылаҿы ауп ҳахьынхо, ауада аҩныҵҟа зны-зынлагь ампыл дасырц далагоит, аха иаҳҭаӡом агәылацәа ҳарҧырхамхарц азы. Изныкымкәа ашьапылампыл асразы атурнирқәа дрылахәхахьеит. Ааигәа иара дызлахәыз ашьапылампылтә команда Аҧсны анҭыҵ иҟан, аҧхьахәгьы рыманы иааит", — лҳәеит Есма.

Ҳанифа лакәзар, аҧхынтәи адҵақәа илымаз зегьы нагӡаны дгәырӷьаҵәа аҩбатәи акласс ахь диасуеит.

Аҭаацәараҿы аҳра ауеит аҳәоуеиқәшәара, аилибакаара, аицхыраара. Аб занааҭла дтехнологуп. Уахгьы-ҽынгьы тәамҩахә имаӡамкәа ихәыҷқәа ак рыгымхандаз ҳәа аус иуеит.

Аҵарашықәс алагамҭазы Есма илҭахуп ахәыҷқәа зегьы рхы-ргәы иақәгәырӷьо, агәабзиара рыманы ашкол ахь ицарц. Рҭаацәеи рырҵаҩцәеи рџьабаа иаҧсахарц.

"Ахәыҷқәа зегьы ирзеиӷьасшьарц сҭахуп аҭынч ҧсҭазаара, аманшәалара, ахшыҩ бзиа. Аҭаацәара ракәзар, ачҳара. Ахәыҷқәа ииашаны рааӡара еиҳау иарбан насыҧс иҟоу?!" — лҳәоит ан.

Есма Гогәуаҧҳа дхәыҷаахыс ҿырԥштәыс длыман лара иахьлызҳауаз лаб иҩнаҭаҿы иҟаз ланду, фҩык ахшара ираныз, ачҳара змаз Ҭачлиаҧҳа Татиана. Уа еснагь аҳра ауан аҧсуара, аиҳаби-аиҵби реихаҵгылара, асас пату иқәҵара. Ланду ҩнаҭа дук еидкыланы илыман, аҭаацәараҿы аҧҳәыс лроль ишахәҭаз еиҧш иналыгӡон. Хымҧада, арҭ аҟазшьа бзиақәа ирылиааз Есма, иахьа лара лыхшара ирылалааӡоит.

"Сара сқыҭа Мықә даара бзиа избоит. Сан Ҷлоутәуп, Џьапуаҧҳауп, ижәдыруеит нас аншьҭра иамоу агәыбылра! Сыҧшәма Џьгьардатәуп. Ҳара ҳхәыҷқәа лассы-лассы рандуцәеи рабдуи (сабхәа иҧсҭазаара далҵхьеит) рахь ақыҭахь иаҳгалоит. Исҭахуп ҧсуаҵас иааӡазарц, рхатәы бызшәала аҷҷаҳәа ицәажәаларц. Аҧсынра еснагь аҭынчра ыҟазарц, изызҳауа аҿар еилыркааларц, ахә ҳаракны иршьаларц, ирыхьчаларц иахьа иҳамоу ахақәиҭра", — ҳәа азгәалҭоит Гогәуаҧҳа.

Ашәҭқәа, ашәҵатә ҿыцқәа, арҵага шәҟәы ҧшӡақәа, ашкол ашҭа ҭбаа, ахәыҷқәа ргәырӷьаччабжьы — абарҭқәа зегьы иахьатәи амш еиднакылоит, аҧхьаҟагьы нагӡара аиуааит. Мҩамш, аҵарадырра лаша адунеи ашҟа!

Ажәабжьқәа зегьы
0