Ҩыџьа ахәыҷқәа ргәазыҳәара анагӡара алшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукБлаготворительный забег "Бежим со смыслом"
Благотворительный забег Бежим со смыслом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" ихацнаркит Манучар Чантуриеи Альберт Урусиани рыхәышәтәразы аԥареизгара. Заԥхьаҟа испортсменхашеи искульпторхашеи арҭ ахәыҷқәа ауаа зегь реиԥш иҟазаарц азы еизгатәуп 175 нызқь мааҭ.

Sputnik

Жәа-шықәса зхыҵуа Манучар Чантуриа ажурналистцәа ачча иҿықәыҳәҳә дырԥылеит. Иара аҭаацәараҿы аԥьбатәи ахәыҷ иоуп. Иҭаацәа рыҷкәын ацәажәара шицәыцәгьаз азгәарҭеит хышықәса анихыҵуаз.

Саида Ласария - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ласариаԥҳа: акриптовалиута змоу афонд "Ашана" дацхраартә алшара имоуп

"Хышықәса анихыҵуаз аӡыршы иқәиҭәеит. Убри анахыс ацәажәара даҟәыҵны напышьашәала ииҭахыз ҳирбо далагеит", — ҳәа еиҭалҳәоит иан, Иулиа Фадеева.

Ан лажәақәа рыла аԥсихологцәа шәарҭа ыҟам, аамҭа цар ацәажәара далагоит ҳәа рарҳәеит. Фышықәса анихыҵ ацхыраагӡатә школ ахь дрышьҭит. Абраҟоуп иахьеилкаахаз Манучар ацәажәара ацәыуадаҩра адагьы аинформациа идкыларагьы шицәыцәгьаз. Адиагноз ықәдыргылеит 2017 шықәса рзы.

"Ииасыз ашықәс азы ашкол ахь иааз аҳақьымцәа диагнозны иқәдыргылеит— аутизм. МРТ ҟаҳҵеит. Уи иаҳнарбеит ахәыҷы ихаҿы ачыра шыҟоу. Иахьазы уи шәарҭам аха аҽанаԥсахуа уздырӡом. Уажәы иара Москваҟа дгатәуп, дыҭҵаатәуп. Уи аиԥш алшара ҳамам", — лҳәеит ан.

Манучар ииҳәарц ииҭаху апластилин иалихуа асахьақәа рыла иуирдыруа далагеит.

"Афигура хәыҷқәа ҟаиҵоит. Еиҳарак игәаԥхоит адракон хәәыҷқәа. Ашкол аҿгьы иусумҭақәа ӡырыргахьеит" ҳәа еиҭалҳәоит ан.

Альберт Урусиан 11 шықәса ихыҵуеит. Сынтәа аԥшьбатәи акласс ахь дцоит. Иара аспорт бзиа ибоит, еиҳаракгьы ашьапылампыл. Уи агәазыҳәара алшахарц азы иара Москва аҽыхәышәтәра дахысроуп.

Манучар иеиԥш Альбертгьы ичыммазара иаразнакы аҽаанамырԥшӡеит. Хәышықәса анихыҵуаз иаалырҟьаны иԥсы маҷхеит, иарма напи ишьапи ицрыӡааит. Шәачатәи ахәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы ирҳәеит ахшыҩ ҩныҵҟатә гиматома имоуп ҳәа.

Михаил Рейман - Sputnik Аҧсны
Михаил Реиман ҳацхыраара иҭахуп

Ахәыҷы изныкымкәа Москваҟа хәышәтәра ҳәа дыргахьеит.

"Амассажқәеи алазертә операциеи рышьҭахь еиҳа деиӷьхеит. Уажәы ишьапы иҵишьӡом, аха иааиԥмырҟьаӡакәа ахәышәтәрақәа мҩаԥгалатәуп" — лҳәеит аҷкәын иан Алла Атматиан.

Сынтәа иара Бурденко ихьӡ зху ахәышәтәырҭахь дгатәуп, уи азы иаҭахуп 80 нызқьмааҭ аԥара. Арҭ аԥарақәа ирылшоит ахәыҷы игәаҳәара, ашьапылампыл асра аԥсҭазаараҿ аларҵәара.

Агәыҳалалратә фонд "Ашана" ихацнаркит Манучар Чантуриеи Альберт Урусиани рыхәышәтәразы аԥареизгара. Заԥхьаҟа испортсменхашеи искульпторхашеи арҭ ахәыҷқәа ауаа зегь реиԥш иҟазаарц азы еизгатәуп 175 нызқь мааҭ.

Ацхыраара алшоит СМС ала ажәа ДОБРО ма DOBRO ашьҭрала, абри аномер ахь: 5050. СМС ахәԥса — 20 мааҭ.

Иара убасгьы иалшоит ахархәара амазарц амаҵзура "Перенос баланса" – "Благотворительность", (*147* ииауго аԥара#).

Ажәабжьқәа зегьы
0