"Китаи адунеи афилософцәа рконгресс аҟны сажәахә азҿлымҳара аман. Сара исҭахыз аԥсуа ибжьы зегьы ахьеизоз ираҳар сҭахын, убри сылсыршеит, даргьы пату ақәырҵеит. Аҩбатәи амш азы аурыс философиа ҭызҵаауа адунеи аҵарауаа ыҟан, убра аиҿагылара ҳауит. Англосакск Урыстәыла афилософиатә культура зынӡа иҟам ҳәа азгәеиҭеит. Аурыс ҵарауаа дуцәагьы алахәын аиԥылара, раԥхьа аӡәгьы ҿыимҭит. Абри ыфаны ҳашԥацо сҳәан, аԥҟиҳәа сҩагылан, уажәақәа урыцклаԥшла ҳәа даанкыланы, Урыстәыла адунеитә философиа иаланагалаз азҵааракәа еиқәыԥхьаӡо сҿаасхеит. Уи ашьҭахь игылт аурыс философцәагьы. Уи аҵарауаҩ иакәзар аҭамзаара шьҭеиҵеит, аиҭагара иашамзар ҟаларын ҳәа азгәеиҭеит. Ауха Урыстәыла афилософцәа реилазаара амаӡаныҟәгаҩ хада Королиов сыԥшааны "Аурыс философиа зыхьчаз уара уоуп", — ҳәа азгәаҭаны, иҭабуп ҳәа сеиҳәеит", — иҳәеит Ҭарба.
Абри атема еиҳа инарҭбааны шәагәылалар шәылшоит Иван Ҭарба иҿцәажәараҿы>>