Хасавиурт араион аҿы аконтр-террористтә операциа мҩаԥысуеит

© NewsTeam / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДагестан. Уничтожен лидер "буйнакской группы". Архивное фото
Дагестан. Уничтожен лидер буйнакской группы. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра акы азы Хасавиурт араион аҿы аконтр-террористтә операциа мҩаԥысуан.

АҞӘА, цәыббра 3— Sputnik. Ареспублика атерроризм аҿагыларазы аилак апресс-маҵзура иаанацҳаит аоперациа амҩаԥысраан дышҭархаз Даӷьысҭан азинмчратә органқәа рықәлара иалахәыз абанда анапхгаҩы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Цәыббра акы азы Хасавиурт араион аҿы аконтр-террористтә операциа мҩаԥысуан. Аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан, асааҭ 20.10 рзы ақыҭа Тотурбикала ааигәара, абнараҿы дырбеит афедералтә ԥшаара иаҵанакуаз абанда ахада. Иаанкылараз иҟарҵаз адҵа ацынхәрас автоматла ахысра далагеит. Аиҿахысраан иара дҭархан. Абас Хубаев, изныкымкәа ажәыларақәа дрылахәхахьан", — ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҿ.

Ажәабжьқәа зегьы
0