Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳашыг сентиабр 3 рзтәи Москватәи аиқәшаҳаҭразы: Владислав ихаҭарацәҟьа ааԥшит

© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Хашиг
Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба ипресс-маӡаныҟәгаҩс иҟаз Руслан Ҳашыг арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит Москва 1992 шықәсазы анапы зҵаҩҩыз аиқәшаҳаҭра.
Ҳашыг сентиабр 3 рзтәи Москватәи аиқәшаҳаҭразы: Владислав ихаҭарацәҟьа ааԥшит

"Москватәи аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарҩҩуаз Аԥсны аҭоурых азы акрызҵазкуа мшын. Раԥхьаӡа иргыланы  Владислав Григори- иԥа политикатә усзуҩк иаҳасбала заҳаракыра  ҵаулара адунеи зегьы ирбартә, дырдырыртә, изхәыцыртә еиԥш имҩаԥысыз хҭысын. Убраҟа илаз иҵарадырра, иҟазара, иаԥсуара, игәаӷьра, аполитикатә қәԥара иазхиара, иҟазшьақәа зегьы абри амш хьанта иаанарԥшит. Адунеи амассатә информациатә хархәагақәа аус ахьыруаз  Урыстәыла анапхгареи, аполитикатә усзуҩцәеи зегь зхьыԥшыз, аиҳараҩык злахәыз ахҭыс аҟны ирҭахы-ирҭахым политик дуны ихы ааирԥшит", —иҳәеит Ҳашыг.

Ажәабжьқәа зегьы
0