Лавров: Вашингтон азыхиазар аиҿцәажәара ҳақәшаҳаҭуп

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМинистр иностранных дел РФ Сергей Лавров
Министр иностранных дел РФ Сергей Лавров - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иазгәеиҭеит атәылақәа ҩба анеимабзиоу адунеиаҿгьы аимакқәа еиҵахоит ҳәа.

АҞӘА, цәыббра 3 — Sputnik. Урыстәыла азыхиоуп Америкахь ахьаԥшра, уи азы Вашингтон хианы иҟазар иҳәеит Сергеи Лавров, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Урыстәыла азыхиоуп Америкахь ахьаԥшра, уи азы Вашингтон хианы иҟазар. Абри атәы изныкымкәа далацәажәахьеит Урыстәыла Ахадагьы, иара идагьы атәыла ахаҭарнакцәа рацәаҩны", — иҳәеит Лавров.

Лавров иажәақәа рыла Вашингтон иагәамԥхо уск аҟалараан асанкциақәа, аультиматумқәа, амақаррақәа нап рыланакуеит.

"Сара уи ԥеиԥш аманы избом", — иҳәеит иара.

Лавров иара убасгьы иҳәеит иахьазы урыстәыла-америкатәи аизыҟазаашьақәа уреигәырӷьартә иҟамзаргьы ԥхьаҟазы стратегиатә партниорцәақәак рыҳасаб ала ишьақәгылоит ҳәа.

Адипломат иҟаиҵаз ахәшьарала атәылақәа ҩба анеимабзиоу адунеиаҿгьы аимакқәа еиҵахоитатәылақәа рыҩба рекономикатә операторцәагьы уи рзеиӷьуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0