Пицундатәи ашахматасцәа хәыҷқәа ақәҿиарақәа аадырԥшуеит

© Sputnik Саида ЖибаПицундатәи ашахматасцәа хәыҷқәа
Пицундатәи ашахматасцәа хәыҷқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пицундатәи ашахматасцәа хәыҷқәа ашахматтә турнир аҟны алҵшәа бзиақәа аадырԥшит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Нанҳәамза 26 Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Ахьыԥшымра аназханаҵа амш аҽны ҳтәыла ахыи-аҵыхәеи аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа жәпакы еиҿкаан. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиубилеитә рыцхә аҳаҭыр азы Пицунда имҩаԥысит ашахмат асразы атурнир. Аспорттә еицлабра иалахәын ақалақьтә ашахматтә секциа ааӡамҭацәа ааҩык.

"Пицунда ашахмат асразы асекциа еиҿкаауижьҭеи ԥшьышықәса ҵуеит. Раԥхьаӡакәны иара аартын Пицундатәи абжьаратә школ №1 аҟны, аиҵбыратәи акласс арҵаҩы Роза Агрԥҳа лаԥшьгарала. Хышықәса рышьҭахь, асекциа ииаган ақалақь акультура аҩны, абиблиотекахь. Араҟа ахәыҷқәа рҽазыҟарҵоижьҭеи шықәсык ҵуеит", — лҳәеит Гагра араион Ацентртә библиотекатә система аиҳабы Лиана Смырԥҳа.

Абарҭ ашықәсқәа ирылагӡаны, мчыбжьык ҩынтә Гәдоуҭантәи дааны, ахәыҷқәа азыҟаиҵоит Альберт Карапетиан.

Асекциа иаднакылоит фышықәса зхыҵуа инадыркны.

Шахматный турнир Абхазия Open. Фото с места события - Sputnik Аҧсны
Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп ашахмат азы жәларбжьаратәи ачемпионат

Иахьазы, азыҟаҵаҩ иахь иныҟәоит 60-ҩык ахәыҷқәа. Аҽазыҟаҵарақәа цоит 15 сааҭ инаркны 18-нӡа.

"Сара Гагратәи абжьаратә школ №3 аҟынгьы аус зуоит. Ԥшьышықәса раԥхьа, Пицундантәи ахәыҷы длазгоз Роза Агрԥҳа, рҵаҩыс аус ахьылуоз аԥсуа школ аҟны асекциа аартреи, ахәыҷқәа реидкылареи рҿы ацхыраара шыҟалҵо анылҳәа, сыхшыҩ азцан сырзааит. Аҭыԥантәи ахәыҷқәа ари аспорт хкы бзиа ибаны иаҭаауеит. Иҟамлацт, аҽазыҟаҵарақәа цонаҵы, аӡәы дымӡырҩыкәа, мамзаргьы, алеишәа ҷыда ааирԥшуаны", — ҳәа ҳаилиркааит Альберт Карапетиан.

Пицунда имҩаԥгаз ашахматтә турнир аҟны аԥхьахәтә ҭыԥқәа ирыԥсахаз, иахьа Пицунда ақалақь Ахадара аиҳабы Нодар Ванаба официала иранеишьеит аграмотақәеи, амедалқәеи, ахраҿақәеи.

"Даара агәахәара ду снаҭоит ҳақалақьуаа хәыҷқәа, ашахматтә спорт аинтерес ахьырку. Уи иаанаго, хшыҩла ибзианы ихәыцуеит ауп", — ҳәа азгәеиҭеит ақалақь Ахада.

© Sputnik Саида ЖибаПицундатәи ашахматтә турнир
Пицундатәи ашахматтә турнир - Sputnik Аҧсны
Пицундатәи ашахматтә турнир

Нодар Ванаба аҭагылазаашьа ихы иархәаны аҭаацәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит рыхшара асекциахь иахьаарго, азыҟаҵаҩ иакәзаргьы аџьшьара ииҭеит, иџьабаа ахә ҳаракны ишишьо иҳәеит.

Атурнир алҵшәақәа рыла, актәи аҭыԥқәа еиҩыршеит Дамеи Ҳагбеи, Даниель Кәышбеи, аҩбатәи аҭыԥқәа Рашид Кәышбеи, Саид Газиеви, ахԥатәи аҭыԥқәа Руслан Хәытабеи, Артиом Абӷаџьааи.

"Аиааирахь агәазыҳәаразы" аграмотақәа ранашьан Ӡкәуиа Соломони, Ҭемыр Арӡынбеи.

© Sputnik Саида ЖибаПицундатәи ашахматтә турнир
Пицундатәи ашахматтә турнир - Sputnik Аҧсны
Пицундатәи ашахматтә турнир

Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара 10 шықәса ахыҵра ахьӡала, ашахматтә турнир аиҿкаареи, ахәыҷқәа ралархәреи рзы иибаз аџьабаазы Альберт Карапетиан Пицунда ақалақь Ахадара ахьӡала ианашьан арҽхәабӷьыци, ахраҿеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0