Агранатала ауаа зыршәоз иганахьала ашьаус хацыркуп

CC0 / / Милиция
Милиция - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭахь цәыббра З, асааҭ 20:15 рзы аҭел иасны адырра ҟаҵан Чачба имҩаҿ игылоу аҩны №88 ашҭаҟны аграната зку ауаҩы дшырбаз ала.

АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik. Абри аус аганахь ала иааныркылаз Сергеи Давыдов иумҭаз ашьаусҭҵаарар хацыркуп.

Абри атәы аанацҳауеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

Ашьаусҭҵаара хацыркуп абџьари уи ахәҭақәеи, арԥжәагақәеи арԥжәагатә шьақәгылақәеи рхархәараз, аанкылараан аҿагылара аҟаҵаразы, закәаншьаҭада аахәараз, аҵәахраз, ахархәараз астатиақәа рыла.

Ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭахь цәыббра З, асааҭ 20:15 рзы аҭел иасны адырра ҟаҵан Чачба имҩаҿ игылоу аҩны №88 ашҭаҟны аграната зку ауаҩы дшырбаз ала.

Аоператив-ҭҵааратә гәыԥ аҭыԥ ахь ианнеи ирарҳәеит Сергеи Давыдов агранатақәа ҩба иманы Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа аганахь ихы рханы дышцаз.

Амилициа аусзуҩцәа иаарласны Давыдов дрыԥшааит, аграната риҭарц иҟарҵаз аҳәара ацынхәрас ааигәа-сигәа иҟаз рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыло ихы мҩаԥигон. Амч ахархәарала иара агранатақәа имхын, даанкылан.

Ажәабжьқәа зегьы
0