00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:23
7 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:52
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:52
7 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
12 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рганахьала иреиҳау аҵара змоу усурала реиқәыршәашьа
13:19
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Еицырдыруа ахьыӡқәа
Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Роман Сабуа 70 шықәса ихыҵит
13:43
26 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Турбаза
Глэмпинг в Абхазии: спрос и предложения
14:17
4 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
Как и когда пройдут выборы в Парламент Абхазии по Драндскому округу
18:49
7 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Акосмостә ӷба "Союз МС-09" ашьшьара амзыз шьақәыргылоуп

© Sputnik / Сергей Мамонтов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗапуск ТПК "Союз МС-09» с космодрома Байконур
Запуск ТПК  Союз МС-09» с космодрома Байконур - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасыз аԥшьашазы акосмостә ӷба "Союз МС-09" ашьшьара аиуит, аҳауагь ацәцо иалагеит. Ицәырҵит еиуеиԥшымыз агәаанагарақәа: адиверсиа инаркны аметиорит аахара аҟынӡа.

АҞӘА, цәыббра 5— Sputnik. Ашьшьара зыхҟьаз иазкны ицәырҵит еиуеиԥшымыз агәаанагарақәа: адиверсиа инаркны аметиорит аахара аҟынӡа. Иаԥҵаз "Роскосмос" акомиссиа аҭҵаара иаҿын акосмостә ӷба иаиуз амалыр зыхҟьаз амзыз. Иара убасгьы урыстәылатәи акосмостә корпорациа "Энергия" акомиссиагьы аус ауан. Уажәазы ишьақәыргылоуп иҟалаз зыхҟьаз ацех аҟны аибыҭаратә усурақәа раан ааха иаиуз ауп ҳәа. Усҟан ашьшьара аҷабга ҷыдала иршьыхит. Иахьазы ишьақәыргылам абри ахҭыс агәаҭаратә бӷьыц аҟны иарбазу иарбамзу.

Стенд Федерального космического агентства Роскосмос на выставке в рамках Санкт-Петербургского международного экономического форума 2017. - Sputnik Аҧсны
"Роскосмос" агәаанагара амоуп "Союз МС-09" ашьшьара акосмос аҿы иҟалазар ҳәа

Уаанӡатәи адырраҭарақәа рыла, аҳәынҭкорпорациа "Роскосмос", Аракета-космостә корпорациа "Энергия", аҭҵаарадырратә институт ЦНИИмаш иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы акомиссиа ҷыда аԥырҵеит.

"Адгьыл аҟны акәзар амалыр ахьаиуз ҳәа иҟоу агәаанагарагьы ҭаҳҵаауеит. Аха иҟоуп аҽа версиакгьы: акосмос аҿы гәҭакрыла ааха аҟаҵара. Уа усеиԥш иҟоу ашьҭақәа аҭыԥ рымоуп", — иҳәахьан уаанӡа аҳәынҭкорпорациа "Роскосмос" аиҳабы Дмитри Рогозин.

Иара убри аан "Роскосмос" ахада иазгәеиҭеит "Союз" иаиуз аԥырхага аметеорит ишахарам.

"Аметеорит аверсиа мап ацәаҳкит. Ааха ахьыҟалаз аӷба аҩныҵҟалоуп. Аха макьаназ иҟалаз шыҟалаз ҳзышьақәмыргылацт", — иҳәеит Рогозин.

Аԥшьаша ауха МКС аҟны аҳауацәцара шымҩаԥысуаз рбеит. Аекипаж аӷба анҭырҵаа ашьҭахь ишьақәдыргылеит "Союз МС-09" ахәҭаҿы ашьшьара шыҟаз. Албаашьҭыга аппарат аҿы акәзар шәарҭа ыҟам. Убри азы аекипаж Адгьыл ахь рыхынҳәра аҭаххар ԥынгыла роуам.

Ажәабжьқәа зегьы
0