"Роскосмос" агәаанагара амоуп "Союз МС-09" ашьшьара акосмос аҿы иҟалазар ҳәа

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтенд Федерального космического агентства "Роскосмос" на выставке в рамках Санкт-Петербургского международного экономического форума 2017.
Стенд Федерального космического агентства Роскосмос на выставке в рамках Санкт-Петербургского международного экономического форума 2017. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасыз аԥшьашазы акосмостә ӷба "Союз МС-09" ашьшьара аиуит, аҳауагь ацәцо иалагеит. Акомиссиа ҷыда уи адәныҟатәи анырроуп изыхҟьаз ҳәа ахырҳәааит.

АҞӘА, цәыббра 4 — Sputnik. "Роскосмос" акомиссиа аҭҵаара иаҿуп акосмостә ӷба иаиуз амалыр зыхҟьаз амзыз азы еиуеиԥшым агәаанагарақәа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, "Роскосмос" ахада Дмитри Рогозин иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Акомиссиа иҟалаз ҭырҵаауеит. Афото, авидеоматериалқәа ирыхәаԥшуеит. Макьаназ ишьақәыргылам микрометеориту, акосмос иатәу гәамсаму, аханатәтәи амалыр акәу", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Акосмостә ӷба Адгьыл аҿы агәаҭараани акосмос аҿы ҩымз аҟазараани вба амамызт.

Союз МС-09 - Sputnik Аҧсны
"Союз" ашьшьара аиуит, аҳауагь ацәцо иалагеит

Дмитри Рогозин иажәақәа рыла, иҟалаз ашьақәыргылара РКК "Энергия" анапы ианызароуп.

Уаанӡатәи адырраҭарақәа рыла, аҳәынҭкорпорациа "Роскосмос", Аракета-космостә корпорациа "Энергия", аҭҵаарадырратә институт ЦНИИмаш иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы акомиссиа ҷыда аԥырҵеит.

"Адгьыл аҟны акәзар амалыр ахьаиуз ҳәа иҟоу агәаанагарагьы ҭаҳҵаауеит. Аха иҟоуп аҽа версиакгьы: акосмос аҿы гәҭакрыла ааха аҟаҵара. Уа усеиԥш иҟоу ашьҭақәа аҭыԥ рымоуп", — иҳәеит иара.

"Роскосмос" ахада иазгәеиҭеит "Союз" иаиуз аԥырхага аметеорит ишахарам.

"Аметеорит аверсиа мап ацәаҳкит. Ааха ахьыҟалаз аӷба аҩныҵҟалоуп. Аха макьаназ иҟалаз шыҟалаз ҳзышьақәмыргылацт", — иҳәеит Рогозин.

Аԥшьаша ауха МКС аҟны аҳауацәцара шымҩаԥысуаз рбеит. Аекипаж аӷба анҭырҵаа ашьҭахь ишьақәдыргылеит "Союз МС-09" ахәҭаҿы ашьшьара шыҟаз. Албаашьҭыга аппарат аҿы акәзар шәарҭа ыҟам. Убри азы аекипаж Адгьыл ахь рыхынҳәра аҭаххар ԥынгыла роуам.

Ажәабжьқәа зегьы
0