АҞӘА, цәыббра 7- Sputnik, Сусанна Ҭаниаԥҳа. Дырмит Гәлиа иҩны – музеи ахыбраҿы имҩаԥысит арҵаҩы, ааӡаҩ, мызқәак раԥхьа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалахәылахаз ашәҟәыҩҩ қәыԥш Нонна Џьынџьалԥҳа раԥхьаӡатәи лышәҟәы "Абзиабара ашәа" аӡыргара.
Аӡыргара рхы аладырхәырц аҩны – музеи иаҭааит аԥсуа апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, алитературатә критикцәа, автор аус лыцызуа Д. Бигәаа ихьӡ зху Гәылрыԥшьтәи абжьаратә школ арҵаҩратә еилазаара, лҵаҩцәа, иара убас алитература иазҿлымҳау ауааԥсыра.
"Нонна Џьынџьалԥҳа лышәҟәы ҭымҵӡацызт "Абзиабара ашәа" ари раԥхьатәи лышәҟәоуп, лара лзынгьы, ҳара ҳзынгьы, ҳаԥсуа милаҭ рзынгьы ари хҭыс дууп ҳәа сгәы иаанагоит. Лышәҟәы "Абзиабара ашәа" ахьӡуп, аха абзиабара ара еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла иаарԥшуп", — Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу.
Ҩажәа шықәса инарзынаԥшуа ашкол аҿы аус зухьо Нонна Џьынџьалԥҳа лзы ари раԥхьаӡатәи шәҟәуп.
Уи аромантикатә цәа зныубаалоу инеиҵыху ажәабжьқәеи ажәабжь кьаҿқәеи быжьба еиднакылоит, урҭ иреиуоуп: "Агәҭахәыцрақәа", "Аԥсҭҳәақәа иргәылахаз алахьынҵа", Еихьымӡо ашьапышьҭақәа", "Икыдымшәандаз", "Анаҟәи Амреи", "Аҵлақәагь шәҭып", "Усҟан амза лашон".
Ашәҟәы 344 даҟьа рыла ишьақәгылоуп.