Рауль Ҳаџьымбеи Шьамтәыла жәлар реизара аиҳабыи еиқәшәеит

© Фото : Пресс-служба президента АбхазииПрезидент Республики Абхазия Рауль Хаджимба встретился со Спикером Народного Собрания Сирии Хаммудом ас-Сабаг
Президент Республики Абхазия Рауль Хаджимба встретился со Спикером Народного Собрания Сирии Хаммудом ас-Сабаг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цəыббрамза 4 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба официалтə ныҟәарала Шьамтəылатəи Арабтə Республика даҭааит. Цәыббра ԥшьба рзы Рауль Ҳаџьымбеи Башар Асади рнапы аҵарҩит аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра.

АҞӘА, цәыббра 6 – Sputnik. Цəыббрамза 4 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба официалтə ныҟәарала Шьамтəылатəи Арабтə Республика даҭааит. Цәыббра 6 рзы Рауль Ҳаџьымбеи Шьамтәыла жәлар реизара аиҳабы Ҳаммуд ас-Сабаги еиқәшәеит. Абри атәы аалыцҳауеит Аԥсны Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Наала Аҩӡԥҳа.

"Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит арахь шәаара. Ари авизит аҭоурых ҵакы аман иҟоуп. Адунеи зегьы ҳаиқәшәара рылаԥш ахуп, — иҳәеит Ҳаммуд ас-Сабаг. Ҳара иаҳхаҳаршҭуам адгылара ҳазҭаз атәылақәа. Раԥхьа иргыланы Урыстәылатәи афедерациа".

Президент Республики Абхазия Рауль Хаджимба встретился с Премьер-министром Сирии Имадом Хамисом - Sputnik Аҧсны
Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра ҿыцқәа ҩба анапы рыҵаҩуп

Рауль Ҳаџьымба иҳәеит Башар Асади иареи рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра аизыҟазаашьақәа рзы ишьаҭаны ишыҟало.

"Аԥсни Шьамтәылеи жәытәаахыс аинырра рыман. Иахьатәи адунеи акәзар уи еиҳангьы иаҭаххо иҟанаҵеит. Ара инхоит аԥсуаа, адыгаа. Ҳаигәырӷьоит урҭ шәәара иахьшәыдгыло" — иҳәеит иара.

Цəыббрамза 4 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба официалтə ныҟәарала Шьамтəылатəи Арабтə Республика даҭааит.

Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада напхгара ззиуа аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: Аҧыза-министр Геннади Гагəылиа, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Барцыц, Ашəарҭадара Ахеилак амаӡаныҟəгаҩ Муҳаммед Кьылба, Адəныҟатəи аусқəа рминистр Даур Ақаҩба, Атəылахьчара аминистр Мираб Қьышьмариа, Аекономика аминистр Адгəыр Арӡынба.

Ажәабжьқәа зегьы
0